Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа УАМ рџьаԥҳаны мҩангагатә мҩақәа еилаԥырххаит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа аенергетикатәии атранспорттәии хыбрақәа икылкааны реихсра иабзоураны УАМ рџьаԥҳаны мҩангагатә мҩақәа еилаԥырххаит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Иазгәаҭаз ахыбрақәа зегьы еилаԥыххаауп. Атәылахьчара-ааглыхратә хыбрақәа русура еиԥырҟьоуп. Иара убас рџьаԥҳаны мҩангагатә мҩақәа ааха рыҭоуп", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 40-ҩык аруаа, амашьынақәа ҩба, артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭа, агаубица Д-30.
Уахыки-ҽнаки рыла Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 120-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, РСЗО "Град", ҩ-гаубицак Д-20.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 140-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа фба, артиллериатә система М109 "Paladin" (ЕАА), арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50 (ЕАА), УАМ артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа, агаубицақәа "Гиацинт-Б" и Д-30.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Харьков авиазауад ацехқәа еилаԥырыххааит
Алада –Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 95-ҩык аибашьцәа, атанкқәа ԥшьба, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, агаубица "МСТА-Б", артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", ҩ-гаубицак Д-20 , Д-30, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа, артиллериатә система М109 "Paladin" (ЕАА).
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп агаубица "МСТА-Б", Д-30, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.