АҞӘА, жәабран 12– Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа аконтрабандақәа ҩба аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит ААЕ апресс-маҵзура.
Аԥсны атәылауаҩ даанкылан амашьына гәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны жәабран 9 рзы.
Имашьына агәаҭаран иаарԥшын 40 нызқь мааҭ рыхә ахәшәқәа, 1200 ҭоԥ аҭаҭын, аҭыԥантәи акциз дырга зқәымыз арыжәтә џьбара.
Абри азы аматериалқәа Аԥсны АЕ аҳазатә усҭҵаарақәа рыҟәшахьы инашьҭуп.
Жәабран 10 рзы аҳазалхыҩцәа ирымаз аоперативтә информациа аус адулараан дааныркылеит шьапыла аҳәаа иахысуаз урыстәылауаҩ. Аԥҳәыс лгәаҭараан илымаз ашәыра рылҭеит, уа иҭан 13 пластина "Неиратин", "Габапентин Канон" 12 пластина, алирика акапсулақәа 42.
Ашьаус хацыркуп.