Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алҩақ зхышәшәо аконтрабанда: мчыбжьык ала аԥсуа-аурыс ҳәааҿы ԥшь-машьынак ааныркылеит

© Sputnik / Акоп Кущян КПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2023
Анапаҵаҩра
Аконтрабанда рымхуп, административтә зинеилагараз аусқәа хацыркуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи амчыбжь иалагӡаны 36 000 реиҳа аҭаҭынаалыҵ закәаншьаҭада Аԥснынтә Урыстәылаҟа риагара рҽазыршәон. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Мчыбжьык аҩнуҵҟа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иалалоз ԥшь-машьынак ааныркылеит. Ашьаҟауаа ракәзаргьы азакәан еиларгеит, дара аилаҳәарақәеи ашәырақәеи рыла асигарет аиагара рҽазыршәеит.

Ажьырныҳәа 1 аахыс Аԥснынтәи закәаншьаҭада аконтрабанда аиагаразы 36 ҽазышәара аԥырҟәҟәаауп.
600 ҭоԥ (120 000 цыра асигарет) аконтрабанда рымхуп, административтә зинеилагараз 72 ус хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0