Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аруаа 180-ҩык ҭархоуп Купиансктәии Краснолимансктәии ахырхарҭақәа рҟны

Аоперациа ҷыда иалагазар иҭархоуп 384 ҳаирплан, 207 вертолиот, 3105 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә шьақәгылақәа 404, атанкқәа 7840.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Украинатәи аруаа 180-ҩык ҭархоуп Купиансктәии Краснолимансктәии ахырхарҭақәа рҟны, аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Купиансктәи ахырхарҭаҟны аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит УАМ амеханизациа зызуу 14-тәи 92-тәи абригадақәа. Харьковтәи аобласт аилынхарҭақәа Грианиковк, Двуречнаиа, Першотравнев, Тимковк, Масютовка, Крахмальное рҟны. 80-ҩык украинатәи аруаа, ф-машьынаки, агаубица Д-20 ҭархоуп",- ҳәа азгәаҭоуп.
Атәылахьчара аминистрра ишазгәанаҭо ала, Краснолимантәи ахырхарҭаҿы аӷацәа ааха рыҭоуп аилынхарҭақәа Торск, Иамполовка (ДЖәР), Стельмаховк, Невское, Червонопоповка и Червонаиа Диброва (ЛЖәР) рҟны.