АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. Урыстәылатәи ар украинатәи АЕҾ (арадиоелектронтә ҿагылара) анапхгараҭаратә ҭыԥ еилаԥырыххааит Харковтәи аобласт аиланхарҭа Моначиновка аҟны.
Аусбарҭа адыррала аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла УАМ артиллериатә ҟәшақәа 93 ааха рырҭеит, 108 раион рҿы ари атехникеи ҭадырхеит.
Икажьуп украинатәи аҳаирплан Миг-29, авертолиот Ми-8 Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ԥшьба, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ааба.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 70-ҩык украинатәи аибашьцәа, апикапқәа хәба, автомашьынақәа хԥа, агаубица "Гвоздика", Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 100-ҩык асолдаҭцәа, х-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, агаубица Д-30, РСЗО "Град".
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 60-ҩык украинатәи аибашьцәа, ԥшь-автомашьынак, ԥшь-гаубицак "Мста-Б", РСЗО "Град", аибашьыга техника зыҩназ аҳаирпланказарма (110-тәи абригада). Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭахеит 40-ҩык аибашьцәа, танк, х-кәылӡмашьынак, ҩ- гаубицак "Мста-Б", Д-30. Запарожиатәи аобласт аиланхарҭа Малиновка аҟнны иқәыцҟьаауп УАМ аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп агаубица "Мста-Б", УАМ аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба.