Ҭырқәтәыла аанызқьҩык инареиҳаны аилабгарақәа ирыҵырххьеит

Адгьылҵысра Ҭырқәтәыла апровинциақәа жәаба аҵанакит 13 миллион инареиҳаны ауааԥсыра ахьаланхо, ақалақьқәагьы налакны адгьылҵысра знырыз 20 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра ашьҭахь, аиқәырхаҩцәа аанызқь инареиҳаны ауаа аилабгарақәа ирыҵырххьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости атәыла ахаад Реџьеп Таип Ердоган World Government Summit алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгыло.
"Аилабгарақәа ықәырхыцыԥхьаӡа иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлоит. Адгьылҵысраан ааха зоуны ахәшәтәырҭақәа ирҭаз 81 000-ҩык рҟынтәи аиҳарак ылрҩаахьеит, иаанхаз рыхәшәтәра иацырҵоит. Аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥқәа аанызқьҩык инареиҳаны аилабгарақәа рыԥсы ҭаны ирыҵыргеит", - ҳәа иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада.
Иара иажәақәа рыла, адгьылҵысра ааха ӷәӷәа ҟанаҵеит атәыла жәа-провинциак рҿы. Ердоган иҳәеит аҵарауаа ргәаанагарала адгьылҵысра амчхара 500 атомтә бомба амчхара иаваҟәалоит ҳәа.
Зымчхара 7,7, 7,6 иҟаз адгьылҵысрақәа ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы жәабран 6 рзы.
Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟалаз адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 30 нызқьҩык еиҳахеит. Адгьылҵысра ашьҭахь асеисмологцәа иазгәарҭеит хышә рҟынӡа адгьылҵысра маҷқәа. Адгьылҵысра Шьамтәылагь аҵанакит, уаҟа иҭахеит 8,5 нызқьҩык.
Ҭырқәтәылаҟа инеит адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи аиқәырхаҩцәа. Аԥсны ирылаҳәоуп агуманитартә цхыраара аизгара. Аԥсны ахада шьамтәылатәи иколлега идигалеит ааха зауз ахәыҷқәа ареспубликахь раашьҭара аиҿкаара.
Ҭырқәтәыла адгьылҵысра: иҟалаанӡеи уи ашьҭахьи