Аԥсны

Агәыӡератәи агоспиталь ахархәагақәа азықәнаргылеит Аԥсны аибашьра аинвалидцәа Рфонд

Аа-миллион мааҭ рыхә ҳаамҭа иақәшәо аексперттә класс иаҵанакуа аультрабжьытә диагностика асканер, алапароскопиатәии аендоскопиатәии аԥҟарақәа рымҩаԥгаразы амедицинатә аппаратқәа, иара убас урҭ ирыцу аныхтә маҭәахәқәеи аархәеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Агәыӡератәи арратә госпиталь аҟны 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ала иаахәоу амедицинатә маругақәа шьақәыргыланы рхархәара иалагеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
Иаахәоу ахархәагақәа рзы Афонд аусзуҩцәеи Агәыӡератәи агоспиталь аҳақьымцәеи еилацәажәеит. Иарбоу аахәамҭа иақәхарџьхеит 8 млн. мааҭ.
“Ари Афонд иаԥшьгамҭоуп, аинвалидцәа ихымԥадатәиу амедицинатә цхыраара рыҭарагь армариоит. Уаанӡа Краснодартәи атәылаҿацә амедусҳәараҭқәа рҿы 100-150 нызқь мааҭ зықәхарџьхоз аҭҵаарақәа ара рымҩаԥгара алшоит. Еиҳа имариахоит ҳәа сгәы иаанагоит аветеранцәа Аԥсны анҭыҵ рышьҭра аасҭа аҭыԥ аҿы ирыхәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭара хәыда-ԥсада еиҿкаазар. Аа-миллион мааҭ наҳхит, аха агоспиталь иахәҭоу амыругақәа рыла еиқәҳаршәеит. Уажәшьҭарнахыс аҭыԥ аҿы, џьаргьы ацара аҭахымкәа хәыда-ԥсада ацхыраара роулоит ҳинвалидцәа", - иҳәеит Ашәуа.
Афонд иагәҭакуп иара убасгьы ф-миллион мааҭ рыхә ахархәагақәа Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр иазаанахәарц.
Аԥсны
Ареспубликатә хәышәтәырҭа иаанахәеит алабораториеи аҳәса рконсультациеи рзы амаругақәа