Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ақыҭанхамҩа аинвестициақәа ралагалара иазкны

Ақыҭанхамҩахь аинвестициақәа ралагаларазы имҩаԥырго аусқәа ртәы, насгьы хықәкыла ацитрус ааӡара акәзар, ишԥарбои уи аҿиара атәыла аиҳабыра, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Sputnik
Жәабран 10 рзы Аслан Бжьаниа абизнес-еилазаара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уаҟа ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аинвестициаз еиҳа иалкаау хырхарҭақәоуп атуризм, асубтропикатә қыҭанхамҩа, аенергетика, IT ҳәа.
Асовет аамҭазы Аԥсны иаадрыхуаз ачаи, аҭаҭын, ажь уҳәа иҟаз рахьынтә иахьа ирацәаны амал ахҭнымҵакәа ишьақәургылартә иҟоу ацитрус ауп ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа аиҿцәажәараҿы.
"Есышықәса ақыҭанхамҩа аҿиаразы иазоужьу 100 миллион мааҭк азхаӡом азы иаҭахуп алагала дуқәа. Март акынӡа иазырхиатәуп апрограмма, иарбан хырхарҭоу анвестициақәа злагалатәу алхтәуп. Ҳара ҳгәаанагарала, убарҭ ируакуп ацитрус ааӡара. Амандарин аҭыԥ аҿы аус адуларазы апроцесс еиҿкаатәуп, убри рыдаҳгалоит аинвесторцәа. Ауаа раалыҵ ԥхасҭамхарцаз, икармыжьырцаз анаплакы еиҿикаар ауеит. Уи иамоу афеидеи азаралқәеи еиҿырԥшны ирыдаҳгаларц ҳгәы иҭоуп", - иҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.