Аԥсны

Беслан Џьопуа Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиашьа ахәшьара аиҭеит

Жәабран 10 рзы Аслан Бжьаниа абизнес-еилазаара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уаҟа ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аинвестициаз еиҳа иалкаау хырхарҭақәоуп атуризм, асубтропикатә қыҭанхамҩа, аенергетика, IT ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Аԥсны ақыҭанхамҩа аинвестициақәа аҭахны иҟоуп, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Иара иажәақәа рыла, иахьа Аԥсны аус ауеит аҳәынҭқарратә программа, уи иазоужьуп 100 миллион мааҭк, аха ауадаҩрақәа зегьы рыӡбаразы ари азхом.

Асовет аамҭазы ареспублика ақыҭанхамҩа ахырхарҭа хадақәа иреиуан аҭаҭын, ачаи, ацитрусқәа, ажь, аефирхәшатә культурақәа. Урҭ реиҳарак уажәы игәыгәҭажьуп, ҿыц напдыркрагьы аҳәынҭқарразы иуадаҩуп.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ақыҭанхамҩа аинвестициақәа ралагалара иазкны
“Убри азы Аԥсны анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаа абри аусхк аинтерес дҳаркыр ҳҭахуп. Уи азы иазырхиатәуп апрограмма. Аинвестициақәа радԥхьаларазы иалхтәуп еиҳа зинтерес ркыша ахырхарҭақәа”, - иҳәеит Џьопуа.
Аминистр хра аманы дахәаԥшуеит ацитрусқәа раарыхра. Аха атәыла иалганы акәымкәа, аҭыԥ аҿы аус рыдуланы ашәырқашьқәа, аӡыхаақәа ҭрыжьларц.
“Сынтәа Урыстәылаҟа инашьҭуп 40 000 тонна ацитрустә шәырқәа. Аҽаҩра иҵегьы еиҳан, аха ауаа ирзымҭиит. Ари иаҳнарбеит аҭыԥ аҿы аусурақәа шымҩаԥгатәу. Иаҳҳәап, аусура иаларгахар ҟалоит амандаринақәа аусеиҭарыдуларазы азауад", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Жьҭаарамза абжаахыс Аԥсны иалгоуп 35 нызқь тонна инарзынаԥшуа амандарина
Беслан Џьопуа иҳәеит ареспубликаҿы ахәырма, алаҳа, ауҭраҭыхқәа рааӡара шаҭаху. Ачаи аиҭашьақәыргылара уадаҩуп. Аибашьра ашьҭахь афабрикақәа реиҳарак еилаԥыххаан, аплантациақәа гәыгәҭажьын иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр.