Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жьҭаарамза абжаахыс Аԥсны иалгоуп 35 нызқь тонна инарзынаԥшуа амандарина

© SputnikСбор мандарин
Сбор мандарин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2023
Анапаҵаҩра
2021 шықәса абри аамҭазы атәыла иалган 19 000 тонна амандарина.
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. 35 нызқь тонна инарзынаԥшуа амандарина Аԥсны иалгоуп жьҭаарамза абжаахыс ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа шәачатәи апресс-маҵзура.
2021 шықәса жьҭаарамза инаркны 2022 шықәса жәабранмзанӡа Аԥсны иалган 22 000 тонна амандарина.
Краснодартәи аҳазалхырҭа адыррақәа рыла, Аԥснынтә ацитрусшәырқәа ралгара жәабранмза анҵәамҭанӡа имҩаԥыслар ҟалоит. Зынӡа, ақыҭанхамҩатә сезон иалагазар аҳәаа иахыгоуп 37 000 тонна ашәыр. Амандарина анаҩсгьы ареспублика аҟынтәи иалгоуп 200 тонна апатырқали 500 тонна алимони.
Ажәабжьқәа зегьы
0