Аԥсны

Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы еиҭарҳәеит аҵиаақәеи аҵлақәеи асы шырхырго

Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы аӡынра аҽазырхиара иалагеит ԥхынҷкәынмзазы. Ахьҭа ззымычҳауа атропикатәии асубтропикатәии 300 ҵиаа ҭарыҳәҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аботаникатә баҳча адиректор Едуард Гәбаз иажәақәа рыла, иҟоу аҭагылазаашьаҿ асубтропикттә ҵиаақәа асы рықәхлатәуп.
Аиҳарак асы апальмахкқәаки акалами аԥхасҭа рынаҭар алшоит.
"Акалам адацқәа ӷәӷәаӡам, асы анырацәоу ихәоит, иԥҵәар алшоит. Макьаназ акгьы ԥхасҭаҳамтәыцт. Аботаникатә баҳча аусзуҩцәа аҵлақәеи аҵиаақәеи асы рықәдыршәшәоит", - иҳәеит Гәбаз.
Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы аӡынра аҽазырхиара иалагеит ԥхынҷкәынмзазы. Ахьҭа ззымычҳауа атропикатәии асубтропикатәии 300 ҵиаа ҭарыҳәҳәеит. Еиҳа зыхә дуқәоу арԥхарҭақәа рахь иҩнаргалеит.
Гәбаз иҳәеит абаҳча аколлекциа иаҵанакуа аҵиаақәа аԥхасҭа рызҭаша ахьҭақәа шыҟам.
Ихылаԥшыдам ақалақь аҵлақәагьы, урҭ ақалақьтә маҵзурақәа русзуҩцәа амҩақәа рҿы аҵлақәа асы рықәырхуан.
Арадио
Гәбаз амимозашәҭ азы: макьана уацәшәартә иҟам