Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дочиа иҳәеит Тҟәарчал араион амаининг-фермақәа рықәгара шалыршахаз

Sputnik
Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзуреи, аҩнуҵҟатәи аусбарҭеи, "Амшынеиқәафымцамч" амаинингқәа рыԥшааразы еицымҩаԥырго аусура иалҵшәаны жәабранмза 5 инаркны 10-нӡа иԥшаан 895 аппарат еиуеиԥшым араионқәа рҿы. Убри аан Тҟәарчал ари аамҭа иалагӡаны акгьы ԥшаамызт. Арадио Sputnik аефир аҿы Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа еиҭеиҳәеит, амаинингқәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Араиони иара ақалақьи рҿы амаинингқәа ахьықәгылаз 28 ҭыԥ ыйан, ҳара иҳалҳаршеит дара зегьы русура аанкылара, иҳәеит Дочиа араидоефир аҿы.
"Имҩаԥган аштаб аизара. Ақыҭақәа рхадацәа ирылаҳәан амаининг аусура шаанкылатәу. Ажәлар рҟынӡа инаган аус иџьбараны ишазнеиуа. Иахьа араион аҿы афермақәа шыҟам атәы ҳәа сҳәаратәы сыҟоуп. Араион аҿы иҟазҭгьы ақәыӷәӷәарақәа рацәаны, иахьа урҭ рыларҟәра ҳалшеит", - иҳәеит Дочиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.