АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Израиль ракетала шьамтәылатәи аҳҭнықалақь Дамаск ианалахысуаз аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа аӡәгьы ааха имоуӡеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа аамҭалатәи агәрага Муҳаммед Али.
"Анцәа иџьшьаны, ҳџьынџьуаа аӡәгьы машәыр данымиеит. Сара уажәы Дамаск сыҟоуп. Ауаа адгьылҵысра ахҟьаԥҟьақәа ирыхҟьаны макьаана ршьара иқәымлацкәан, арыцҳара ду иҟалаз гәамҭакәан Израиль аҳҭнықалақь агәҭа иалахысит. Акыр атәылақәа агуманитартә цхыраара шаарышьҭыц иаарышьҭуеит, аха ари аҩыза ахҭысқәа ацхыраара аҟаҵара иаԥырхагоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Али иажәақәа рыла, аҭагылазаашьа иахҟьаны амҽыша, жәабран 19 рзы Шьамтәыла арегионқәа рыҟны адгьылҵысра иахҟьаны еилабгаз зыԥсы ҭаханы ирыҵоу рыԥшаараз имҩаԥысуа аусурақәа аанкылан.
Израиль Дамаск агәҭеи ааигәа-сигәеи жәабран 18-19 руха аракетақәа рыла иалахысит ҳәа аанацҳауеит Шьамтәыла атәылахьчара аминистрра. Иалахысуан Голантәи аҳаракырақәа рҟынтәи.
Иҭахеит хәҩык ауааԥсыра, урҭ рахьынтә аӡәа аруаҩын, 15-ҩык аҭынч уааԥсыра ахәрақәа роуит. Дамаски уи акәша-мыкәшеи аԥхасҭа рыҭоуп.
Арратә усбарҭа излашьақәнарӷәӷәо ала, шьамтәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа аракетақәа аиҳарак ҭадырхеит.