Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынба Шьамтәыла ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны агуманитартә цхыраара аизгара иаҿуп Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз ауааԥсыра рзы.
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәыла ажәлар рахь Аԥсны жәлар рыхьӡала адышшылара ҟаиҵеит.

"Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра ахҟьаԥҟьақәа рзы ажәабжь гәыҿкаага. Иаабоит ишырацәоу аԥсыҭбарақәа, аахақәа. Иҟоу ҳазҿлымҳауп, ҳаиашьаратә жәлары ҳашрыцхрааша ҳазхәыцуеит", - иҳәеит иара.

Арӡынба иазгәеиҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Башар Асад ҭелла даниҿцәажәа ашьҭахь анапынҵа шыҟаиҵаз агуманитартә цхыраара аиҿкаарази шьамтәылатәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа раагара аиҿкаарази.
Арыцҳара раԥхьатәи амшқәа инадыркны ареспублика ауааԥсыра ауаажәларратә еиҿкаарақәа ацхыраара аизгара иалагеит. Дамаск иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа арыцҳара иақәшәаз ацхыраараз ишрыдгыло атәы азгәанаҭеит.
"Шьамтәыла инхо аԥсуа диаспора Аԥсныҟа рнырхара алыршара ҳазхәыцуеит. Аԥснытәи ҭаацәарақәак ирҳәеит ишазыхиоу ииаҭымхаз ахәыҷқәа рыдкылара. Ари азы азакәантә шьаҭа аус адулахоит", - иҳәеит аминистр.
Арӡынба иазгәеиҭеит ари аҩыза аҭагылазаашьаан Мраҭашәара атәылақәа ирҩбоу астандартқәа рполитика шымҩаԥырго.
"Аполитикатә мзызқәа ирхырҟьаны Шьамтәыла ацхраара рҭахым. Асеиԥш иҟоу арыцҳара аполитика аҳәаақәа ирҭысуазароуп", – иҳәеит иара.
Аԥсны аҵак ду анаҭоит аиашьаратә республикеи иареи реизыҟазаашьа, иазыхиоуп агуманитартәи акультуратәи еимадара, ахәаахәҭра-економикатә усеицура иҳәеит Арӡынба.
"Ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа аҭоурых ду рымоуп. 19-тәи ашәышықәсазы Шьамтәыла ԥсадгьылны ирзыҟалеит зықьҩыла аԥсуаа. Урҭ рҟынтәи ирацәаҩуп Шьамтәылеиԥш Аԥсынгьы еицырдыруа ауаа: аинрал Мамдух Абаза, аинрал Уалид Абаза, аҳақьым Аҳмад Кәыџба, Шьамтәыла жәлар Рхеилак алахәыла Џьансет Казанба", - иҳәеит иара.
Аминистр иазгәеиҭеит Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аконсультациақәа рымҩаԥгара ишазыхиоу.
Монета номиналом один рубль на банкноте один доллар США. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи 300 нызқь доллар рзыршьҭуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0