Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа фба ҭадырхеит

2022 жәабран 24 раахыс ицо арратә аоперациа ҷыдаҟны урыстәылатәи аруаа иҭадырхахьеит украинатәи аԥырҩы дазҭам 3 178 хархәагақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа Донецки, Лугански, Херсони рыҟны уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа фба ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылатәи аруаа, Хмельницки ақалақь аҟны Украинатәи аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 383-тәи аполк арртәарҭеи, Хмельницки аоблост аҟны иҟаз артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭеи ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Урыстәылатәи авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ааха рырҭеит: УАМ 92 артиллериатә ҟәшеиҵа, 118 раион рыҟны атехникеи ари, акомандаҟаҵаратә ҭыԥ 102-тәи аҵакыратә бригада, 72-тәи амеханизациа зызу абригада.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 70-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡы машьынақәа ҩба, автомашьынеи аибашьыгатә машьына "Град". Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы 200-ҩык инареиҳауп ишьуи ихәуи аибашьцәа, акәылӡы машьынақәа хәба, гаубицак Д-20, ахаланыҟәа гаубицак "Гвоздика" ҭархоуп.
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп: 250-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа фба, агаубицақәа Д-20, Д-30, ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Krab", арадиолокациатә станциақәа AN/TPQ-50, AN/TPQ-36, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар УАМ аџьаԥҳаны азназгоз азауадқәа ракетала иԥыржәеит
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 70-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, танкк, аибашьыгатә машьынак, акәылӡмашьынақәа ҩба, агаубицақәа Д-30 ҩба, Д-30 акы. Иара убас аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба.
Херсонтәи ахырхарҭала уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 15-ҩык украинатәи аибашьцәа, хә-автомашьынак, ахаланыҟәа гаубицак "Гвоздика", ахаланыҟәа гаубицак "Акация", ахаланыҟәа гаубицак "Мста-Б".