Аԥсны

Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара аԥдырҟәҟәааит аҳазалхцәеи амилициа аусзуҩцәеи

Аҳазалхыҩцәеи Аԥсны ААР ашьаусҭҵаара аусзуҩцәеи иаԥдырҟәҟәааит Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Аҳазалхыҩцәеи Аԥсны ААР ашьаусҭҵаара аусзуҩцәеи ҩынтә иаԥдырҟәҟәааит Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы даанкылан ареспублика атәылауаҩ, 9 пластинак прегабалини 1,5 грамм аметадони зыдбалаз.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауаз автомашьына апассаџьыр игәаҭараан идбалан 33 капсула прегабалин, азеиԥш капан 9,9 грамм. Ашьаус хацыркуп.