Дырмит Гәлиа иҵанамкуа аԥсуа культураҿы акгьы ыҟаӡам ҳәа азгәалҭеит Светлана Корсаиаԥҳа, аиҿцәажәара хацыркуа.
"Зны-зынла санхәыцуа, сцәа сҭаӡыӡоит, ҳашԥаҟаларыз, ԥшьышықәса зхыҵуа, Ҭырқәтәылаҟа иагаз ахәыҷы иаб Урыс дырхынҳәны дааимгазҭгьы ҳәа, аԥсуаа ҳаԥсҭазаараҿы Дырмит Гәлиа дыҟамызҭгьы ҳәа. Гәлиа иирамш - ари милаҭтә ныҳәа дуны сахәаԥшуеит ҳаҭала, иара аԥсуа литература иазҿлымҳау зегьы", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.