Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Корсаиаԥҳа: Дырмит Гәлиа иирамш - милаҭтә ныҳәа дуны сахәаԥшуеит

Корсаиаԥҳа: Дырмит Гәлиа иирамш - милаҭтә ныҳәа дууны сахәаԥшуеит
Анапаҵаҩра
Жәабран 21 - аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, адраматург, амилаҭтә театр ахацыркҩы, арккаҩы, аҭоурыхҭҵааҩы Дырмит Гәлиа иирамшуп. Гәлиа ифеномен арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа.
Дырмит Гәлиа иҵанамкуа аԥсуа культураҿы акгьы ыҟаӡам ҳәа азгәалҭеит Светлана Корсаиаԥҳа, аиҿцәажәара хацыркуа.
"Зны-зынла санхәыцуа, сцәа сҭаӡыӡоит, ҳашԥаҟаларыз, ԥшьышықәса зхыҵуа, Ҭырқәтәылаҟа иагаз ахәыҷы иаб Урыс дырхынҳәны дааимгазҭгьы ҳәа, аԥсуаа ҳаԥсҭазаараҿы Дырмит Гәлиа дыҟамызҭгьы ҳәа. Гәлиа иирамш - ари милаҭтә ныҳәа дуны сахәаԥшуеит ҳаҭала, иара аԥсуа литература иазҿлымҳау зегьы", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0