Аԥсны

Пицундатәи аҵаҩы "Умницы и умники" афинал ахь днеит теоретикк иаҳасаб ала

"Умницы и умники" – телехәаԥшратә гуманитартә олимпиадоуп, МГИМО аҭаларазы аицлабра иателеверсиоуп. Автор, амҩаԥгаҩ — Иури Виаземски.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицундатәи ашкол №1 аҵаҩы Лина Аииԥҳа Актәи аканал аҿы ицо "Умницы и умники" афинал ахь днеит теоретикк иҳасаб ала. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит лара лхаҭа.
Лина Аииԥҳа илҳәеит апроект "Умницы и умники" алахәхаразы алкаарақәа шымҩаԥысыз 2022 шықәса лаҵарамзазы Аҟәа.
"Аолимпиада аихшьалақәа рыла иалкаахеит хҩык. Нанҳәамзазы аҽазыҟаҵараз иаҳзаарҭиит атемақәа: "Даниель Дефо иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи", "Пушкини Евгени Онегини ирызку зегьы", "1943 шықәса адунеи зегь аҟны". Аҽазыҟаҵараан ацхыраара сырҭон аҭоурыхи аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа. Абҵарамзазы ҳахҩыкгьы аҭыхрақәа ҳрылахәхеит теоретикцәақәак раҳасаб ала. Амҩаԥгаҩ изҵаарақәа атрибунаҟынтә аҭак раҳҭон", - лҳәеит Аииԥҳа.
Адырраҭара арегламент ала агонистцәас иҟалар рылшоит амҩаԥгаҩ Иури Виаземскии ицхырааҩ Ирина Книазевеи алахәны имҩаԥгаз алкаарақәа ирхысыз ашколхәыҷқәа. Аԥсны имҩаԥысуаз аолимпиада дара ахьалахәымыз азы Аԥснытәи ашколхәыҷқәа теоретикцәақәак раҳасаб ала акәын адырраҭара ишалахәыз.
"Умницы и умники" аԥшьбараҿ Лина Аиԥҳа ииашаны ҩ-зҵаарак рҭак ҟалҵеит, ҩ-орденк лоуит. Уи афиналбжьахь анеира азин лнаҭеит.
"Иацы (жәабран 19 рзы - аред.) имҩаԥысыз афиналбжаҿы ииашан аҭак асҭеит адрама "Адыд" ("Гроза") афырхаҵа Кулигин наӡаӡатәи арныҟәага ахархәара аиҭарц шиҭахыз азы азҵаара. Иара миллионк ҳәа англызаа ирааирхәар иҭахын, аԥарақәа ауаажәларра ирзишарц. Аҭак иашахеит", - лҳәеит лара.
Аииԥҳа илҳәеит афинал ахь теоретикк иаҳасаб ала хаҭала Виаземски дышнеиԥхьаз.
Лара лажәақәа рыла, аҭак иашақәа шаҟа иҟауҵо аҟара агонистс уҟаларазы уреитинг шьҭухуеит. Макьаназ лара ахԥатәи акатегориа иатәу теоретикуп.
Арадио
Аииԥҳа еиҭалҳәеит адырраҭара "Умницы и Умники" данақәшәалак, даҽа каналк ахь изиалгоз
Аԥснытәи аҵаҩы илҳәеит апроект аҽазыҟаҵараан лгәы шыхыҭхыҭуаз, аха аҭыхрақәа раан аҭагылазаашьа ԥха иҟаз лгәы шарҭынчыз.
"Аҭагылазаашьа бзиа ҳзаԥҵан. Зегь уцхраарц рҭахын. Иури Павел-иԥа иакәзар, алаф иҳәоит. Аиашазы, алахәылацәа рдыррақәа ҳаракуп, иҟәышқәоуп. Ирҿуҵааша рацәоуп", - лҳәеит Аииԥҳа.
"Умницы и умники" афиналтә хәҭа анҭырхуа арыцхә макьана ишьақәыргылам, аха мшаԥымзаз акәхар ҟалоит ҳәа ишьоуп. Атемақәагьы макьаназ еилкаам.
"Умницы и умники" – телехәаԥшратә гуманитартә олимпиадоуп, МГИМО аҭаларазы аицлабра иателеверсиоуп. Автор, амҩаԥгаҩ — Иури Виаземски.
Аԥсны
Адырраҭара "Умники и умницы" иалахәыз аҵаратә усҳәарҭақәа рҭалараҿ ирыцхраауеит