Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адырраҭара "Умники и умницы" иалахәыз аҵаратә усҳәарҭақәа рҭалараҿ ирыцхраауеит

© Foto / Медиацентр МИД АбхазииМинистр иностранных дел Абхазии Инал Ардзинба встретился со школьниками из Абхазии, принимающими участие в телевизионной гуманитарной олимпиаде "Умницы и умники".
Министр иностранных дел Абхазии Инал Ардзинба встретился со школьниками из Абхазии, принимающими участие в телевизионной гуманитарной олимпиаде Умницы и умники.    - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адырраҭара "Умники и умницы" иалахәыз аԥснытәи ашколхәыҷқәа идикылеит.
АҞӘА, абҵара 24 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адырраҭара "Умники и умницы" иалахәыз аԥснытәи ашколхәыҷқәа раԥхьаҟа аҵаратә усҳәарҭақәа рҭалараҿ ишрыцхраауа реиҳәеит.

Аолимпиада иалахәыз Лина Аииԥҳа, Никита Чкок, Ҭимыр Қәирнаӡе адгылара рыҭахоит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны аус зуа ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Пицундатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы Лина Аииԥҳа ателеолимпиада "Умницы и умники" аҟны афиналбжахь днеит. Даҽа ҩыџьа аԥснытәи ашколхәыҷқәа: Никита Чкоки Ҭемыр Қәирнаӡеи афинал аԥшьбатәи ахәҭаҿы азҵаарақәа ииашаны рҭак ахьыҟарҵаз азы амедали аордени роуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0