Аԥсны

Владимир Путин Валентина Шульгина Сталинградтәи аибашьраҿы игаз аиааира лыдиныҳәалеит

Шульгина – иахьазы Сталинградтәи аибашьра алахәылацәа иреиуаз, Аԥсны инхо рҟынтәи зыԥсы ҭаны иаанхаз лоуп. Ажьырныҳәамзазы 101 шықәса лхыҵит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина Сталинградтәи аибашьраҿы игаз аиааира лыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Адныҳәаларатә шәҟәи ашәҭқәеи Шульгина иланеишьеит урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак.
Жәабран 2 рзы, Сталинградтәи аибашьраҿ игаз аиааира 80 шықәса ахыҵра амш аҽны Шульгина Арратә аоркестр илыдырныҳәалеит ари аныҳәа.
Аԥсны
Арратә аоркестр лыдныҳәалеит Аԥсны инхо Сталинградтәи аибашьра иалахәыз аԥҳәыс бырг
Валентина Шульгина диит ажьырныҳәа 22, 1922 шықәса рзы. Аибашьра ианалага, 19 шықәса зхыҵуаз Валентина ҳақьымс аус луан Томск. 1941 шықәса нанҳәамзазы лара Омск еиҿкааз асанитартә взвод адҵаҟаҵаҩыс дҟарҵеит. Сталинград ахақәиҭтәра ашьҭахь лара лывзвод Курско-Орловтәи ахырхарҭахь ирышьҭит.
Валентина Ефим-иԥҳа аибашьра зегьы дахысит, аиааира даԥылеит Берлин, Реихстаг аҩыра анылҵеит. Сталинград азы аибашьраан иаалырԥшыз афырхаҵаразы лара иланашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.