Аԥсны

Бжьаниа Sputnik Аԥсны аколлектив азанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Жәабран 27 – Аԥсны АИХқәа русзуҩцәа ирзанааҭтә ныҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Sputnik Аԥсны аколлектив азанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Иара иазгәеиҭеит ажурналисттә усура аҵак ду шамоу адемократиатә еилазаара аиҿкаараҿы.

"Шәус уадаҩуп, аҭакԥхықәра аҵоуп, аҵакгьы дууп. Шәара ауаажәларра аинформациа рызнажәгоит, ргәаанагара шьақәшәыргылоит, аполитикатәи ауаажәларратәи процессқәа анырра рышәҭоит", - аҳәоит адныҳәалараҟны.

Ахада иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра анапхгаратә усбарҭақәеи АИхқәеи реинырра аинформациатә политика ҵаҵӷәыс ишамоу. Ахада иажәақәа рыла, урҭ иаку ахықәкы рымоуп – ажәлар реидкылара, адоуҳа аизырҳара, апатриотизмра, ҳаамҭазтәи аинформациатә ҵакыра аԥҵара.
Жәабран 27 – Аԥсны АИХқәа русзуҩцәа ирзанааҭтә ныҳәоуп.
1919 шықәса абри амш азы иҭыҵит раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны", аредактор – Дмитри Гәлиа.
Акәалаԥқәа рҿы иаанымхарц азы: Аԥсны акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа рҭагылазаашьа иазкны