https://sputnik-abkhazia.info/20230227/akalaa-ry-iaanymkharts-azy-asny-akykht-yzhymaa-ragylazaasha-iazkny-1044301106.html
Акәалаԥқәа рҿы иаанымхарц азы: Аԥсны акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа рҭагылазаашьа иазкны
Акәалаԥқәа рҿы иаанымхарц азы: Аԥсны акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа рҭагылазаашьа иазкны
Sputnik Аҧсны
Жәабран 27 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Амассатә информациатә хархәагақәа рымш. Иахьатәи аныҳәа аҳаҭыр азы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит... 27.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-27T13:23+0300
2023-02-27T13:23+0300
2023-04-03T18:13+0300
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/03/1045019682_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_ea3f3a6c0a0b9d3d2fb883cbfc0e3d35.jpg
Аԥсны жәабран 27 аинформациатә хархәагақәа рымш азгәарҭоит. 2019 шықәса раахыс ари иусуратә мшныҳәаны азакәан аҿы Жәлар Реизара адепутатцәа иадырбеит. Аныҳәа хыҵхырҭас иамоуп 1919 шықәсазы Дырмит Гәлиа иредакциала аҭыҵра иалагаз "Аԥсны" захьӡыз агазеҭ. Асовет мчы анышьақәгыла ашьҭахь, 1921-1991 шықәсқәа рзы "Аԥсны ҟаԥшь" ахьӡын. Агазеҭ раԥхьаӡа ианҭыҵыз иадкыланы иаҳҳәозар, ҳазҭагылоу аамҭазы аԥсуа кьыԥхь акыр аҽеиҭанакхьеит. Иахьа иҭыҵуеит еиуеиԥшым агазеҭқәеи ажурналқәеи - аԥсышәалеи урысшәалеи, иара убас, ахатәы, мамзаргьы аполитикатә еиҿкаарақәа иртәу ахархәагақәа, аинтернет ресурсқәа. Аԥхьаҩ иоур алшоит алитературатә журнал еиԥш, ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаарақәа иҭрыжьуа агазеҭқәагьы. Аха, ҳашьҭахьҟа, асовет аамҭахь ҳгьежьуазар, иҭыҵуаз акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа қыҭацыԥхьаӡа, ҩнаҭацыԥхьаӡа инанагон. Аибашьра ашьҭахь, ҳара ҳахьынхоз асоветтә система шьҭахьҟа ианынха, апочта аусурагьы аангылеит, анхаҩцәа ракәым, ақалақь аҿы инхогьы рыҩныҟа агазеҭқәеи ажурналқәеи рызназго асистема ыҟам. Ус акәзаргьы, иҭыҵуеит аԥсуа кьыԥхь, рыԥсы ҭоуп ареспубликаҿы ажурналқәеи агазеҭқәеи. Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла иаҳхысыз ашықәс азгьы аицлабра рыланаҳәеит – акьыԥхь, арадио, ателехәаԥшра, аинтернет хархәагақәа рҭыжьымҭақәа рыбжьара. Абри санҵамҭаҿы хықәкыс ишьҭысхит аԥсуа кьыԥхь аҭагылазаашьеи алшарақәеи зеиԥшроу аилкаара, убри азы сагәылаԥшит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла имҩаԥнагаз "Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы зыӡбахә ҳәамыз аҭоурыхқәа" захьӡу аицлабра амҩаԥысшьа. Ажурналистцәа реидгыла ахада ихаҭыԥуаҩ Зураб Аргәын исиҭаз аинформациа иашаҳәо ала, аицлабрахь инашьҭын 25 журналисттә усумҭа, урҭ рахьтә ателехәаԥшратә - 9, арадиои аинтернети - 5, акьыԥхь - 11. Иҳанаҳәозеи абри? Зынӡа Ажурналистцәа реидгыла иалоу рхыԥхьаӡара 175-ҩык ыҟоуп, уахь иаҵанакуеит Аԥсны инхо реиԥш, аҳәаанырцәи Урыстәылеи инхо ажурналистцәагьы. Шәазхәыц, иахьа раионцыԥхьӡа агазеҭқәа ҭыҵуеит, иара убас аҳҭнықалақь аҿы, анаҩсан, арепатриациа, Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи ассоциациеи ргазеҭқәа, алитературатә журналқәа, убри адагьы аспорттә кьыԥхь уҳәа ахыԥхьаӡаразы уамакгьы ҳмаџьанам (ателехәаԥшрақәа змоугьы араионқәа ыҟоуп). Хықәкыла акьыԥхь ҳазааҭгылозар, агазеҭ "Аԥсны", ажурнал "Алашара" роуп аҳәынҭқарра ахарџь ала иҭыҵуа акьыԥхь аҟынтә аицлабрахь аусумҭақәа назышьҭыз. Араионтә газеҭқәа сынтәа рҽаладмырхәит, амала Гәдоуҭатәи ателехәаԥшра аусумҭа аанашьҭит. Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахада ихаҭыԥуаҩ Зураб Аргәын абри азы абас аҭак сиҭеит саниҿцәажәоз: "Уаанӡа еиҳа ирацәан акьыԥхь иатәыз. Иҟалап аицлабра ахьӡ "еиҭаҳәам аҭоурыхқәа" иацәшәазар". "Республика", "Бзыԥ", "Гагрский вестник" есышықәса иҳарҭон. Сынтәа иаармышьҭӡеит". Акьыԥхь аганахьала аицлабра рхы аладырхәит Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны, агазеҭ "Эхо Абхазии". Агазеҭ "Аԥсны" акәзар ԥшь-усумҭак нанашьҭит. Аицлабра аихшьаалақәа ртәы ҳҳәозар, актәи аҭыԥ агеит агазеҭ "Эхо Абхазии", аҩбатәи - Sputnik Аԥсны, ахԥатәи - ажурнал "Алашара". Егьырҭ ажанрқәа - авидео иадҳәалоу аҿы актәи, ахԥатәи аҭыԥқәа агеит Аԥсуа телехәаԥшра, аҩбатәи аҭыԥ - ателеканал "Абаза". Арадиоусумҭақәа рҿы актәи аҭыԥ агеит Sputnik Аԥсны, аҩбатәи - Аԥсуа радио. Убри адагьы, Ажурналистцәа реидгыла ажиури иҷыдоу адипломқәа ранаршьеит Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны, агазеҭ "Аԥсны" равторцәа. Ари аихшьаала азаҳуазар, Аҟәа аус зуа аинформациатә хархәагақәа еиҳа аԥыжәара ргоит, иара убри аан иазгәаҭатәуп Sputnik Аԥсны, ателеканал "Абаза", агазеҭ "Эхо Абхазии" шҳәынҭқарратәым. Араионтә муниципалтә ҭыжьымҭақәа сынтәа пассивла рхы аадырԥшит. Иарбан уадаҩрақәоу аԥсуа кьыԥхь аус адызуло ирԥыло еилыскаарц сара сыҽрымаздеит Гагра араион иҭыҵуа агазеҭ "Гагрский вестник", иара убас Очамчыратәи араионтә газеҭ "Ерцахә" аредакторцәа. Ажурналистцәа реидгыла имҩаԥнагоз аицлабра иахьалахәымыз азы, рҩыџьагьы ирҳәеит уаанӡа рхы шаладырхәуаз, аха сынтәа ишраҩрыжьыз. "Мотивациа дукгьы ыҟам, убри азакәзаргьы ауеит", - лҳәеит гагратәи агазеҭ аредактор Цицино Еныкь. Сзацәажәаз ҩыџьа исарҳәақәаз рыла, араионтә газеҭқәа еицырзеиԥшу ауадаҩрақәа рымоуп. "Гагрский вестник" аредактор Цицино Еныкь исылҭаз аинформациа ала, ргазеҭ ҭыҵуеит мчыбжьык ахь знык, атираж 500 цыра ыҟоуп. "Акорреспондентцәа ҩыџьа сымоуп, ауалафахәы – 5 нызқь", - лҳәеит лара. Аредактор ишазгәалҭо ала, акорреспондент иоуа ахьмаҷу азы, дара рҿы аус зуа даҽаџьаргьы аус руеит. Агонорартә фонд ыҟаӡам, иныхым ԥарак аанхар, убри ала ихалырҭәаауеит рџьабаа. Очамчыратәи "Ерцахә" акәзар, мызкы ҩынтә роуп иахьҭыҵуа. Араҟагьы ауалафахәы гаграа рацәак иреиҳам, атираж акәзар - 550 ыҟоуп. "Аштат аҿы иарбоу акорреспондент аӡә лоуп иҟоу, уи лнапы иану рацәоуп акьыԥхьра нацҵаны. Зынӡа аредакциа иахыԥхьаӡалоуп аредактор, акорреспондент, акорректор", - саҭалкит агазеҭ аредактор Хьыкәыр Аҩӡба. Аԥсуа кьыԥхь азҵаатәы ҭҵаауа, сара сзы ихадан уи ауаа ишрыладырҵәо. Хьыкәыр Аҩӡба абри азы лҭак абас иҟан: "Анапаҵаҩцәа ҳамоуп, анаплакқәа, администрациа аҟәшақәа". Гагратәи агазеҭгьы анапаҵаҩцәа рылоуп аԥсы шҭоу. Цицино Еныкь ишылҳәо ала, анкьа апочта аус анауаз аамҭа ыиасхьеит: "Аусҳәарҭақәа илырҩаауеит агазеҭ. Апочта аус ауӡом, иназгода Калдахәара ма Бзыԥҭа? Асистема бгеит, ихыбгалеит. Сара исуалу аларҵәара акәӡам, аҭыжьроуп". Хьыкәыр Аҩӡба лакәзар, иазгәалҭеит ақыҭақәа рҿы иаԥхьарц зҭаху шмаҷым: "Араҟа ацхыраара ҟарҵароуп ақыҭа ахадацәа, урҭ мчыбжьык ахь знык иааиуеит араион ахадараҿы. Агазеҭ шааҭыҵыз убра егьырҭ аҭыжьымҭақәа ахьҭарҵо акәалаԥ ирызҭаҳҵоит иргарц. Нас иргоит. Уи иҩны инижьуоу, ишаны ириҭоу сыздыруам". Еиҳа иаахтны ҳцәажәозар, схаҭагьы ақыҭақәа сызларыдҳәалоу ала, уа агазеҭқәа аӡәгьы ишырзимшо здыруеит. Тәанчахәык аиуразы анхаҩы ақыҭа ахадараҿы днеины имгозар... Агазеҭқәа рыԥсы ҭазарц азы, араионқәа русҳәарҭақәа илырҩаауеит, ауаа аԥхьоу, мамзаргьы акәалаԥқәа ишырҭоу инхоу азы ахылаԥшра ҟазҵо дыҟам. Жәабран 27 рзы иазгәарҭо аинформациатә хархәагақәа рныҳәа зхылҿиааз агазет "Аԥсны" акәзар, уи иахьа Ареспубликатә усҳәарҭа "Аԥснымедиа" иалоуп, уахь еиҭа иаҵанакуеит "Аԥсныпресс", агазеҭ "Республика". Еиҭакрас избо атәы сҳәозар, ари амедиа иамоуп асаит, уи иабзоураны асоциалтә ҳақәа рахь агазеҭ "Аԥсны" ианыло аматериалқәа збо еиҳахеит. "Аԥснымедиа" ахада Роберт Џьопуа исиҭаз аинформациа ишаҳәо ала, "Аԥсны" ҭыҵуеит мчыбжьык ахь знык, ҭыжьымҭак атираж 700 цыра ыҟоуп. "Агазеҭ аҿы акорреспондентә штатқәа 6 арбоуп. Агонорартә фонд ыҟаӡам. Аха иҷыдоу ахыԥхьаӡаламҭаҟынтә ауалафахәы ахыхь автор изыршәар ауеит. Ауалафахәы акәзар - аӡәы 7 270 мааҭ изыԥҵәоуп. Ари ахныҟәгага маҷ ҳәа изышьҭоу аасҭа ҩ-нызқь рыла еиҵоуп, убри аҟынтә, иҷыдоу ақәҵарала, иацҵаны ирзыршәоит ахарҭәааразы. "Ҳара асоциалтә ҳақәа рахь ицәыраҳго автортә материалқәа роуп. Асаит аҿы аус зуа аӡә иоуп азы, егьырҭ ажәабжьқәа зегь рықәыргылара дахьӡаӡом. Аԥхьаҩцәа еиҳа ирацәахаз џьысшьоит уахь ицәыраҳго ҳаналага. Иахьа ирацәаҩуп асоциалтә ҳақәа ирҭаауа ҳтәылауаа. Ҳаргьы ҳабонентцәа аҳәынҭқарратә структурақәа роуп. Џьоукы ацхыраараз илырҩаауеит, даҽа џьоукы аԥхьоит. Агазеҭ ахаҭа аԥсуа қыҭақәа рахь инеиуоу имнеиуоу аҳәара уадаҩуп, уи азы амониторинг ҟаҳамҵац, ироуазар бзиан, аха апочта аус ауам", - иҳәеит Роберт Џьопуа. "Аԥснымедиа" ахадеи сареи ҳазлацәажәоз асаити асоциалтә ҳақәеи рҿы агазеҭқәа рцәырҵра азҵаара егьырҭ аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә кьыԥхьқәа рзы аӡбаразы макьана алшара ыҟам. Иахьа ақыҭақәа рҿы аинтернет цәырҵхьеит, убри аҟынтә, иҟалап, хшыҩзышьҭра аҭатәзар иҭыҵуа акьыԥхь акәалаԥқәа рҿы иаанымхарц азы, аелектронтә мҩа алхра аҽазышәара. Алкаа ҟаҳҵозар, ацхырааразы администрациақәа, егьырҭ аҳәынҭқарратә наплакқәа илырҩаауеит, аха аԥхьаҩ иҩны ҳгазеҭқәа знеиуа иҟам. Аинформациа изызку иҿы ианаамҭоу имнеиуазар, ҵакыс иамоузеи уи аҭыжьра?! Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аицлабра ҳаиҭазыхынҳәуазар, Гагратәи агазеҭ аредактор ишылҳәаз еиԥш, иҟалоит мотивациа дук ыҟамзар аҽалархәразы. Зураб Аргәын ишсеиҳәаз ала, сынтәа аидгыла ахада Руслан Ҳашыг аиҳабыра рахь ажәалагала ҟаиҵеит аицлабра иазыԥҵәоу 150 нызқь даҽа 150 ацырҵарц. Аргәын иҳәеит уи иақәшаҳаҭхоит ҳәа агәыӷра шрымоу. Иазгәасҭарц сҭахуп, аусумҭақәа рыхә зшьо аӡбаҩцәагьы (ажиури) мотивациа дук шрымам, убри аҟынтә уи аус азура иақәшахаҭхо рацәаҩым. Аицлабрахь иааиуа зегьы ауаҩы дрыхәаԥшны, рыхә ишьарц азы иаҭахуп аамҭа, уи азы иазыԥҵәазароуп аџьабааԥса.Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20170227/agazet-apsni-nas-ui-aphiaicha-1020439393.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230226/asny-azhurnalisttsa-reidgyla-eiaam-aibashra-aourykh-aitslabra-iaiaaiz-rylanaeit-1044333539.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190629/Ikhatrou-akura-agazet-Gagrskiy-vestnik-20-shykusa-akhycit-1027771861.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200227/ashba-azhurnalistikazy-asa-atekhnika-azrytsan-akha-azha-akhaabziara-iakhati-iakhyon-1029537594.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211208/asny-aynarrat-aikha-kha-ailakhyra-asnymedia-a-eidyreit-1036652922.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200710/ashyg-asua-zhurnalistika-zhlarbzharati-azkhaara-aiuit-1030508794.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/03/1045019682_240:0:1680:1080_1920x0_80_0_0_deb37db10f20d781b3ded3f9954c6a15.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Аԥсны жәабран 27 аинформациатә хархәагақәа рымш азгәарҭоит. 2019 шықәса раахыс ари иусуратә мшныҳәаны азакәан аҿы Жәлар Реизара адепутатцәа иадырбеит. Аныҳәа хыҵхырҭас иамоуп 1919 шықәсазы Дырмит Гәлиа иредакциала аҭыҵра иалагаз "Аԥсны" захьӡыз агазеҭ. Асовет мчы анышьақәгыла ашьҭахь, 1921-1991 шықәсқәа рзы "Аԥсны ҟаԥшь" ахьӡын.
Агазеҭ раԥхьаӡа ианҭыҵыз иадкыланы иаҳҳәозар, ҳазҭагылоу аамҭазы аԥсуа кьыԥхь акыр аҽеиҭанакхьеит. Иахьа иҭыҵуеит еиуеиԥшым агазеҭқәеи ажурналқәеи - аԥсышәалеи урысшәалеи, иара убас, ахатәы, мамзаргьы аполитикатә еиҿкаарақәа иртәу ахархәагақәа, аинтернет ресурсқәа. Аԥхьаҩ иоур алшоит алитературатә журнал еиԥш, ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаарақәа иҭрыжьуа агазеҭқәагьы. Аха, ҳашьҭахьҟа, асовет аамҭахь ҳгьежьуазар, иҭыҵуаз акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа қыҭацыԥхьаӡа, ҩнаҭацыԥхьаӡа инанагон.
Аибашьра ашьҭахь, ҳара ҳахьынхоз асоветтә система шьҭахьҟа ианынха, апочта аусурагьы аангылеит, анхаҩцәа ракәым, ақалақь аҿы инхогьы рыҩныҟа агазеҭқәеи ажурналқәеи рызназго асистема ыҟам.
Ус акәзаргьы, иҭыҵуеит аԥсуа кьыԥхь, рыԥсы ҭоуп ареспубликаҿы ажурналқәеи агазеҭқәеи.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла иаҳхысыз ашықәс азгьы аицлабра рыланаҳәеит – акьыԥхь, арадио, ателехәаԥшра, аинтернет хархәагақәа рҭыжьымҭақәа рыбжьара. Абри санҵамҭаҿы хықәкыс ишьҭысхит аԥсуа кьыԥхь аҭагылазаашьеи алшарақәеи зеиԥшроу аилкаара, убри азы сагәылаԥшит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла имҩаԥнагаз "Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы зыӡбахә ҳәамыз аҭоурыхқәа" захьӡу аицлабра амҩаԥысшьа. Ажурналистцәа реидгыла ахада ихаҭыԥуаҩ Зураб Аргәын исиҭаз аинформациа иашаҳәо ала, аицлабрахь инашьҭын 25 журналисттә усумҭа, урҭ рахьтә ателехәаԥшратә - 9, арадиои аинтернети - 5, акьыԥхь - 11.
Иҳанаҳәозеи абри? Зынӡа Ажурналистцәа реидгыла иалоу рхыԥхьаӡара 175-ҩык ыҟоуп, уахь иаҵанакуеит Аԥсны инхо реиԥш, аҳәаанырцәи Урыстәылеи инхо ажурналистцәагьы. Шәазхәыц, иахьа раионцыԥхьӡа агазеҭқәа ҭыҵуеит, иара убас аҳҭнықалақь аҿы, анаҩсан, арепатриациа, Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи ассоциациеи ргазеҭқәа, алитературатә журналқәа, убри адагьы аспорттә кьыԥхь уҳәа ахыԥхьаӡаразы уамакгьы ҳмаџьанам (ателехәаԥшрақәа змоугьы араионқәа ыҟоуп). Хықәкыла акьыԥхь ҳазааҭгылозар, агазеҭ "Аԥсны", ажурнал "Алашара" роуп аҳәынҭқарра ахарџь ала иҭыҵуа акьыԥхь аҟынтә аицлабрахь аусумҭақәа назышьҭыз. Араионтә газеҭқәа сынтәа рҽаладмырхәит, амала Гәдоуҭатәи ателехәаԥшра аусумҭа аанашьҭит.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахада ихаҭыԥуаҩ Зураб Аргәын абри азы абас аҭак сиҭеит саниҿцәажәоз: "Уаанӡа еиҳа ирацәан акьыԥхь иатәыз. Иҟалап аицлабра ахьӡ "еиҭаҳәам аҭоурыхқәа" иацәшәазар". "Республика", "Бзыԥ", "Гагрский вестник" есышықәса иҳарҭон. Сынтәа иаармышьҭӡеит".
Акьыԥхь аганахьала аицлабра рхы аладырхәит Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны, агазеҭ "Эхо Абхазии". Агазеҭ "Аԥсны" акәзар ԥшь-усумҭак нанашьҭит. Аицлабра аихшьаалақәа ртәы ҳҳәозар, актәи аҭыԥ агеит агазеҭ "Эхо Абхазии", аҩбатәи - Sputnik Аԥсны, ахԥатәи - ажурнал "Алашара". Егьырҭ ажанрқәа - авидео иадҳәалоу аҿы актәи, ахԥатәи аҭыԥқәа агеит Аԥсуа телехәаԥшра, аҩбатәи аҭыԥ - ателеканал "Абаза". Арадиоусумҭақәа рҿы актәи аҭыԥ агеит Sputnik Аԥсны, аҩбатәи - Аԥсуа радио. Убри адагьы, Ажурналистцәа реидгыла ажиури иҷыдоу адипломқәа ранаршьеит Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны, агазеҭ "Аԥсны" равторцәа.
Ари аихшьаала азаҳуазар, Аҟәа аус зуа аинформациатә хархәагақәа еиҳа аԥыжәара ргоит, иара убри аан иазгәаҭатәуп Sputnik Аԥсны, ателеканал "Абаза", агазеҭ "Эхо Абхазии" шҳәынҭқарратәым. Араионтә муниципалтә ҭыжьымҭақәа сынтәа пассивла рхы аадырԥшит.
Иарбан уадаҩрақәоу аԥсуа кьыԥхь аус адызуло ирԥыло еилыскаарц сара сыҽрымаздеит Гагра араион иҭыҵуа агазеҭ "Гагрский вестник", иара убас Очамчыратәи араионтә газеҭ "Ерцахә" аредакторцәа. Ажурналистцәа реидгыла имҩаԥнагоз аицлабра иахьалахәымыз азы, рҩыџьагьы ирҳәеит уаанӡа рхы шаладырхәуаз, аха сынтәа ишраҩрыжьыз.
"Мотивациа дукгьы ыҟам, убри азакәзаргьы ауеит", - лҳәеит гагратәи агазеҭ аредактор Цицино Еныкь.
Сзацәажәаз ҩыџьа исарҳәақәаз рыла, араионтә газеҭқәа еицырзеиԥшу ауадаҩрақәа рымоуп. "Гагрский вестник" аредактор Цицино Еныкь исылҭаз аинформациа ала, ргазеҭ ҭыҵуеит мчыбжьык ахь знык, атираж 500 цыра ыҟоуп.
"Акорреспондентцәа ҩыџьа сымоуп, ауалафахәы – 5 нызқь", - лҳәеит лара.
Аредактор ишазгәалҭо ала, акорреспондент иоуа ахьмаҷу азы, дара рҿы аус зуа даҽаџьаргьы аус руеит. Агонорартә фонд ыҟаӡам, иныхым ԥарак аанхар, убри ала ихалырҭәаауеит рџьабаа.
Очамчыратәи "Ерцахә" акәзар, мызкы ҩынтә роуп иахьҭыҵуа. Араҟагьы ауалафахәы гаграа рацәак иреиҳам, атираж акәзар - 550 ыҟоуп.
"Аштат аҿы иарбоу акорреспондент аӡә лоуп иҟоу, уи лнапы иану рацәоуп акьыԥхьра нацҵаны. Зынӡа аредакциа иахыԥхьаӡалоуп аредактор, акорреспондент, акорректор", - саҭалкит агазеҭ аредактор Хьыкәыр Аҩӡба.
Аԥсуа кьыԥхь азҵаатәы ҭҵаауа, сара сзы ихадан уи ауаа ишрыладырҵәо. Хьыкәыр Аҩӡба абри азы лҭак абас иҟан:
"Анапаҵаҩцәа ҳамоуп, анаплакқәа, администрациа аҟәшақәа".
Гагратәи агазеҭгьы анапаҵаҩцәа рылоуп аԥсы шҭоу. Цицино Еныкь ишылҳәо ала, анкьа апочта аус анауаз аамҭа ыиасхьеит:
"Аусҳәарҭақәа илырҩаауеит агазеҭ. Апочта аус ауӡом, иназгода Калдахәара ма Бзыԥҭа? Асистема бгеит, ихыбгалеит. Сара исуалу аларҵәара акәӡам, аҭыжьроуп".
Хьыкәыр Аҩӡба лакәзар, иазгәалҭеит ақыҭақәа рҿы иаԥхьарц зҭаху шмаҷым:
"Араҟа ацхыраара ҟарҵароуп ақыҭа ахадацәа, урҭ мчыбжьык ахь знык иааиуеит араион ахадараҿы. Агазеҭ шааҭыҵыз убра егьырҭ аҭыжьымҭақәа ахьҭарҵо акәалаԥ ирызҭаҳҵоит иргарц. Нас иргоит. Уи иҩны инижьуоу, ишаны ириҭоу сыздыруам".
Еиҳа иаахтны ҳцәажәозар, схаҭагьы ақыҭақәа сызларыдҳәалоу ала, уа агазеҭқәа аӡәгьы ишырзимшо здыруеит. Тәанчахәык аиуразы анхаҩы ақыҭа ахадараҿы днеины имгозар... Агазеҭқәа рыԥсы ҭазарц азы, араионқәа русҳәарҭақәа илырҩаауеит, ауаа аԥхьоу, мамзаргьы акәалаԥқәа ишырҭоу инхоу азы ахылаԥшра ҟазҵо дыҟам.
Жәабран 27 рзы иазгәарҭо аинформациатә хархәагақәа рныҳәа зхылҿиааз агазет "Аԥсны" акәзар, уи иахьа Ареспубликатә усҳәарҭа "Аԥснымедиа" иалоуп, уахь еиҭа иаҵанакуеит "Аԥсныпресс", агазеҭ "Республика". Еиҭакрас избо атәы сҳәозар, ари амедиа иамоуп асаит, уи иабзоураны асоциалтә ҳақәа рахь агазеҭ "Аԥсны" ианыло аматериалқәа збо еиҳахеит.
"Аԥснымедиа" ахада Роберт Џьопуа исиҭаз аинформациа ишаҳәо ала, "Аԥсны" ҭыҵуеит мчыбжьык ахь знык, ҭыжьымҭак атираж 700 цыра ыҟоуп.
"Агазеҭ аҿы акорреспондентә штатқәа 6 арбоуп. Агонорартә фонд ыҟаӡам. Аха иҷыдоу ахыԥхьаӡаламҭаҟынтә ауалафахәы ахыхь автор изыршәар ауеит. Ауалафахәы акәзар - аӡәы 7 270 мааҭ изыԥҵәоуп. Ари ахныҟәгага маҷ ҳәа изышьҭоу аасҭа ҩ-нызқь рыла еиҵоуп, убри аҟынтә, иҷыдоу ақәҵарала, иацҵаны ирзыршәоит ахарҭәааразы.
"Ҳара асоциалтә ҳақәа рахь ицәыраҳго автортә материалқәа роуп. Асаит аҿы аус зуа аӡә иоуп азы, егьырҭ ажәабжьқәа зегь рықәыргылара дахьӡаӡом. Аԥхьаҩцәа еиҳа ирацәахаз џьысшьоит уахь ицәыраҳго ҳаналага. Иахьа ирацәаҩуп асоциалтә ҳақәа ирҭаауа ҳтәылауаа. Ҳаргьы ҳабонентцәа аҳәынҭқарратә структурақәа роуп. Џьоукы ацхыраараз илырҩаауеит, даҽа џьоукы аԥхьоит. Агазеҭ ахаҭа аԥсуа қыҭақәа рахь инеиуоу имнеиуоу аҳәара уадаҩуп, уи азы амониторинг ҟаҳамҵац, ироуазар бзиан, аха апочта аус ауам", - иҳәеит Роберт Џьопуа.
"Аԥснымедиа" ахадеи сареи ҳазлацәажәоз асаити асоциалтә ҳақәеи рҿы агазеҭқәа рцәырҵра азҵаара егьырҭ аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә кьыԥхьқәа рзы аӡбаразы макьана алшара ыҟам. Иахьа ақыҭақәа рҿы аинтернет цәырҵхьеит, убри аҟынтә, иҟалап, хшыҩзышьҭра аҭатәзар иҭыҵуа акьыԥхь акәалаԥқәа рҿы иаанымхарц азы, аелектронтә мҩа алхра аҽазышәара. Алкаа ҟаҳҵозар, ацхырааразы администрациақәа, егьырҭ аҳәынҭқарратә наплакқәа илырҩаауеит, аха аԥхьаҩ иҩны ҳгазеҭқәа знеиуа иҟам. Аинформациа изызку иҿы ианаамҭоу имнеиуазар, ҵакыс иамоузеи уи аҭыжьра?!
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аицлабра ҳаиҭазыхынҳәуазар, Гагратәи агазеҭ аредактор ишылҳәаз еиԥш, иҟалоит мотивациа дук ыҟамзар аҽалархәразы. Зураб Аргәын ишсеиҳәаз ала, сынтәа аидгыла ахада Руслан Ҳашыг аиҳабыра рахь ажәалагала ҟаиҵеит аицлабра иазыԥҵәоу 150 нызқь даҽа 150 ацырҵарц. Аргәын иҳәеит уи иақәшаҳаҭхоит ҳәа агәыӷра шрымоу. Иазгәасҭарц сҭахуп, аусумҭақәа рыхә зшьо аӡбаҩцәагьы (ажиури) мотивациа дук шрымам, убри аҟынтә уи аус азура иақәшахаҭхо рацәаҩым. Аицлабрахь иааиуа зегьы ауаҩы дрыхәаԥшны, рыхә ишьарц азы иаҭахуп аамҭа, уи азы иазыԥҵәазароуп аџьабааԥса.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.