АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Аԥсны хықәкыс иамоу - ахьыԥшымра арӷәӷәароуп, уи азы ицхыраагӡахоит аинтеграциатә еидгылақәа, абри атәы иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ателеканал "Россия 24" аинтервиу аҭо.
"Ҳара шәышықәсала ҳажәлар рықәԥара иалҵшәоу ҳҳәынҭқарратә суверинитет арӷәӷәаразы хра аланы ҳрыхәаԥшуеит аинтеграциатә еидгылақәа. Урыстәылатәи Афедерациагьы абри аус аҿы ацхыраара шҳанаҭо ҳақәгәыӷуеит", - иҳәеит аминистр.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада иҳәеит Урыстәыла асеиԥш иҟоу аидгылақәа шаԥнаҵо, адиктатура зхы иазырхәо ЕАА аиԥш акәымкәа, асуверентә еиҟарара апринцип ала.
Арӡынба иара убасгьы иҳәеит, аганқәа шаҟа лассы-лас еиҿцәажәо, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьало ааҟара аԥхьаҟатәи аизыҟазаашьақәа шыҿио.