https://sputnik-abkhazia.info/20230228/arynba-us-khada---khyshymra-araroup-1044369232.html
Арӡынба: ҳус хада - ҳхьыԥшымра арӷәӷәароуп
Арӡынба: ҳус хада - ҳхьыԥшымра арӷәӷәароуп
Sputnik Аҧсны
Арӡынба иҳәеит аинтеграциатә еидгылақәа хра аманы аус шыруа, уажәы, адунеи аҿы атрансформациа ду анымҩаԥысуа, арҭ аидгылақәа иҿыцу аҟазшьа рыманы риеҿкаара... 28.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-28T18:49+0300
2023-02-28T18:49+0300
2023-02-28T18:49+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
инал арӡынба
аԥсны адәар
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/19/1041147973_0:115:1512:966_1920x0_80_0_0_0799a12e8930a461488e52292d8feaf2.jpg
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Аԥсны хықәкыс иамоу - ахьыԥшымра арӷәӷәароуп, уи азы ицхыраагӡахоит аинтеграциатә еидгылақәа, абри атәы иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ателеканал "Россия 24" аинтервиу аҭо. "Ҳара шәышықәсала ҳажәлар рықәԥара иалҵшәоу ҳҳәынҭқарратә суверинитет арӷәӷәаразы хра аланы ҳрыхәаԥшуеит аинтеграциатә еидгылақәа. Урыстәылатәи Афедерациагьы абри аус аҿы ацхыраара шҳанаҭо ҳақәгәыӷуеит", - иҳәеит аминистр. Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада иҳәеит Урыстәыла асеиԥш иҟоу аидгылақәа шаԥнаҵо, адиктатура зхы иазырхәо ЕАА аиԥш акәымкәа, асуверентә еиҟарара апринцип ала. Арӡынба иара убасгьы иҳәеит, аганқәа шаҟа лассы-лас еиҿцәажәо, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьало ааҟара аԥхьаҟатәи аизыҟазаашьақәа шыҿио.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/08/19/1041147973_36:0:1476:1080_1920x0_80_0_0_f9cff0998601829409750e78d6d40ade.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, инал арӡынба , аԥсны адәар, аполитика
ажәабжьқәа, инал арӡынба , аԥсны адәар, аполитика
Арӡынба: ҳус хада - ҳхьыԥшымра арӷәӷәароуп
Арӡынба иҳәеит аинтеграциатә еидгылақәа хра аманы аус шыруа, уажәы, адунеи аҿы атрансформациа ду анымҩаԥысуа, арҭ аидгылақәа иҿыцу аҟазшьа рыманы риеҿкаара шалшо.
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Аԥсны хықәкыс иамоу - ахьыԥшымра арӷәӷәароуп, уи азы ицхыраагӡахоит аинтеграциатә еидгылақәа, абри атәы иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ателеканал "Россия 24" аинтервиу аҭо.
"Ҳара шәышықәсала ҳажәлар рықәԥара иалҵшәоу ҳҳәынҭқарратә суверинитет арӷәӷәаразы хра аланы ҳрыхәаԥшуеит аинтеграциатә еидгылақәа. Урыстәылатәи Афедерациагьы абри аус аҿы ацхыраара шҳанаҭо ҳақәгәыӷуеит", - иҳәеит аминистр.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада иҳәеит Урыстәыла асеиԥш иҟоу аидгылақәа шаԥнаҵо, адиктатура зхы иазырхәо ЕАА аиԥш акәымкәа, асуверентә еиҟарара апринцип ала.
Арӡынба иара убасгьы иҳәеит, аганқәа шаҟа лассы-лас еиҿцәажәо, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьало ааҟара аԥхьаҟатәи аизыҟазаашьақәа шыҿио.