Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаареи Жәлар Реизареи рнапхгаҩцәа злахәыз аизара мҩаԥигеит

Аиԥылараҿ ирылацәажәеит атәыла ахада усутә ныҟәарыла Москвеи Мински иҟазаара алҵшәақәа, апарт-отельқәа рыпроект азакәан, аенергетикатә усхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаареи Жәлар Реизареи рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа иалатәара иалахәыз ирылеиҳәеит, "Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аиҿкаара" азакәан апроект аусеилкаара ишахысыз, ауаажәларреи АИХ-қәеи рҟны алацәажәара шамаз, уи хара имгакәа ахәаԥшразы адепутатцәа рахь ишынашьҭтәу.
"Иҳамоу азакәанԥҵара алшара ҳнаҭоит ари аус иахьагьы ҳалагар. Азакәан ҳадаҳкылар ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари ирнаҭо афеида еиҳагьы еиҳахоит. Хара имгакәа азакәан апроект Апарламент ахь инаҳашьҭуеит", - иҳәеит атәыла ахада.
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра алацәажәеит аенергетика иамоу ауадаҩрақәеи апарт-отельқәа рыстатуси
Аԥыза-министр Александр Анқәаб дазааҭгылеит авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо. Иара иажәақәа рыла, аусурақәа реиҳарак ахыркәшарахь инеит, уажәазы адыдмацәыс ацәыхьчаразы аусурақәа мҩаԥыргоит, уи ҩымз аҭаххоит.
Анқәаб иҳәеит, аусурақәа реиҵахара амшцәгьақәа ишрыхҟьаз, аусурақәа зегьы "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа урыстәылатәи рколлегацәа аламырхәкәа ишынарыгӡаз, адыдҽацәыхьчараз ашьақәгылақәа реибыҭареи АҲ аусуреи аамҭаказы имҩаԥхагар алшоит ҳәа азгәеиҭеит.
Иара убас, Аслан Бжьаниа еизаз идирдырит Урыстәылеи Белоруссиеи ицара алҵшәақәа ртәы. Иҳәеит Белоруссиа ахада Александр Лукашенкои иареи шеиқәшаҳаҭхаз аекономикатә усеицура арҭбаареи, иҷыдоу аусбарҭақәеи атәылахьчара аминистрреи рганахь ала аимадарақәа рышьақәыргыларазы.
Иазгәеиҭеит, аганқәа шеиқәшаҳаҭхаз Очамчыра араион аҟны еицырзеиԥшу апроект ду анагӡара. Уи азын аусурақәа ирылагоит 2024 шықәса мшаԥымза иахымгакәан. Апроект аҟны ишарбоу ала 80% еиҵамкәан аусуҩцәа Аԥсны атәылауаа ракәхоит.
Москва иҟазаара атәы дазааҭгыло, Аслан Бжьаниа иҳәеит урыстәылатәи аполитикцәеи иареи шалацәажәаз афымцалашара Аԥсныҟа аашьҭра аиҿкаареи, аԥхьаӡагақәа раахәаразы аинфраструктуратә кредит аиуреи, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳаираацҳамҭа аиҭашьақәыргылареи ирызкны азҵаарақәа.
Атәыла ахада аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнапы ианиҵеит, еиқәыԥхьаӡоу ахырхарҭақәа русуразы иахәҭоу ашәҟәқәа зегь еиқәыршәаны Москваҟа идәықәылҵарц.
Аԥсны
Аенергетикеи, аинвестициақәеи, азакәанқәа реишьаршәалареи ирылацәажәеит Бжьаниеи Новаки