Аԥсны

Хымчыбжьа рыҩнуҵҟа Аԥсны зқьы инареиҳаны амаининг хархәагақәа рылгоуп

Аԥсны афымцамч ахархәара еиҳа илаҟәит ажьырныҳәамза агәҭаахыс. "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа иҳәеит бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа афымцамч ахархәара 11 миллион кВт•с иҟазҭгьы уажәы - 7,8 миллион кВт⋅с. ыҟоуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаразы ареспубликатә штаб аԥҵоижьҭеи араионқәа рҿы ирылгоуп 1 261 маининг хархәага ҳәа лҳәеит аекономика аминистр Кристина Озган Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны.
Озган лажәақәа рыла, аштаб аусура ианыԥшит афымцамчхархәара аиҵатәра. Иахьазы ахархәара арҭоит 7,8 миллион кВт⋅с. урҭ рҟынтәи 6,4 миллион Урыстәылантә иаарышьҭуа ауп, 1,4 миллион – Егры ГЕС аҟынтәи.
Аминистр илҳәеит аԥснытәи аган аилацәажәарақәа шымҩаԥысуа хәажәкырамзазы алашара аиуразы.
Лара убасгьы еиҭалҳәеит авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҿы аусурақәа шцало хәажәкырамза нҵәаанӡа.
Аминистр илҳәеит ажәыәт цәаҳәа аидара шазышьҭымхуа, уи азы шакәу аԥкырақәа залагалоу.
Ацәаҳәа аусура иаларгахар, аӡынразы аԥкрақәа аламгалахалар ауеит.
Аԥсны
Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа Аҟәа акриптоферма рыԥшааит