Аԥсны

Ница Габлиаԥҳа аҩнытә баандаҩра лықәырҵеит

Уаанӡа аӡбарҭа амҩан иҟалаз амашәыр далахәуп ҳәа иазгәаҭоу Ница Габлиаԥҳа хәажәкыра 1 аҟынӡа дырбаандаҩызарц аӡбра аднакылахьан.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа аӡбрала аԥсҭбара зцыз амҩатә машәыр иалахәыз Ница Габлиаԥҳа аҩнытә баандаҩра лықәҵоуп.

Габлиаԥҳа аҩнытә баандаҩра лықәзаауеит 2023 шықәса мшаԥы 1 аҟынӡа.

2023 шықәса ажьырныҳәа 1 асааҭ 06:25 азы Ница Габлиаԥҳа, арыжәтә ыжәны автомашьына "Mazda З" аԥсҟы лкит. Амашьына аҩнуҵаҟа иҭатәан абренд KamuChi ашьаҭаркҩы Кама Ҵәыџьԥҳаи Инар Какалиеи. Амашьына Аҟәа агәаҟынтә араион маҷ "Кьалашәыр" ахь ахы хан. Ахаҵәирҭаҿы амашьына аԥсҟы лымпыҵҟьеит, 45 метра иахысны атроллеибустә цәаҳәақәа рышьаҟа иасит.
Кама Ҵәыџьԥҳа лыԥсҭазаара далҵит, Инар Какалиа игәыҵҟьа ааха аманы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит. Габлиаԥҳа лхаҭагьы аахақәа лыманы ахәшәтәырҭахь днаган.
Аԥсны
Аԥсҭбара зцыз амҩан иҟалаз амашәыр зхароу ҳәа гәҩарас иҟоу дырбаандаҩхоит