Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсҭбара зцыз амҩан иҟалаз амашәыр зхароу ҳәа гәҩарас иҟоу дырбаандаҩхоит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМолоток судьи
Молоток судьи - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2023
Анапаҵаҩра
Ница Габлиаԥҳа ахра лыдырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 4 ахәҭа 263 ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура – арыжәтә ыжәны, аԥсҭбара зцыз амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 11– Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа аӡбрала аԥсҭбара зцыз амҩан иҟалаз амашәыр зхароу ҳәа иԥхьаӡоу Ница Габлиаԥҳа дырбаандаҩхоит. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Аусӡбарҭа аӡбрала Габлиаԥҳа даанкылахоит 2023 шықәса хәажәкыра 1 аҟынӡа. Иахьазы лара амашәыр аан илоуз хыԥхьаӡара рацәала аахақәа ирыхҟьаны Ареспубликатә хәшәтәырҭа дҭоуп.
Ашьаусҭҵаара ишьақәнаргылеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 асааҭ 06:25 азы Ница Габлиаԥҳа, арыжәтә ыжәны автомашьына "Mazda З" аԥсҟы лкит. Амашьына аҩнуҵаҟа иҭатәан абренд KamuChi ашьаҭаркҩы Кама Ҵәыџьԥҳаи Инар Какалиеи.
Амашьына Аҟәа агәаҟынтә араион маҷ "Кьалашәыр" ахь ахы хан. Ахаҵәирҭаҿы амашьына аԥсҟы лымпыҵҟьеит, 45 метра иахысны атроллеибустә цәаҳәақәа ршьаҟа иасит.
Кама Ҵәыџьԥҳа лыԥсҭазаара далҵит, Инар Какалиа игәыҵҟьа ааха аманы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит.
Ница Габлиаԥҳа ахара лхарам ҳәа дыԥхьаӡоуп аӡбарҭа азинмч зауз аӡбамҭа лхара шьақәнарӷәӷәаанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0