Жәабран 27-28 амца зкыз аҵҩаа иамҽханакит Очамчыра араион х-қыҭак Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Мықә. Мурман Ԥачлиа еиҭеҳәеит, иҟаз абылрақәа шаԥырхыз, анхацәа уи аус ишалахәыз. Убри аан иазгәеиҭеит, Ҷлоу ақыҭан абылра шыҟамыз.
"Ҷлоу абылра ҳәа акгьы иҟаӡамызт. Уи ақыҭа ахада ишьақәирӷәӷәеит. Ус машәырк ҟалар, еснагь адырра ҳарҭоит, анхацәа еизыргоит. Уи еибыҳәан иҳамоуп", - азгәеиҭеит Ԥачлиа, ақыҭацәа рхадацәеи дареи ирымоу аимадара атәы далацәажәауа.
Очамчыра араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы иҳәеит абылрақәа зыхҟьо ауааԥсыра рхымҩаԥгашьа шакәу.
"Аӡәы ибаҳча ирыцқьоит, егьи дшәарыцарцаз абна амца ацреиҵоит. Аԥсуаа рбаҳчақәа уажәы амца аҵарҵоит, ахала иарыцқьозшәа. Аԥхасҭа ду ҟанаҵоит, еиҳагьы еицәоу ахылҿиаауеит. Иҟан ашәарҭара амца аҩнқәа рахь инеиуеит ҳәа. Анхацәа ҳацхраауан, ԥыҭҩык хара игылангьы иҳахәаԥшуан", - ҳәа иҳәеит Ԥачлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.