https://sputnik-abkhazia.info/20230301/achlia-amtsakraa-rzy-lamys-zmam-ioup-a-agyueit--1044389881.html
Ԥачлиа амцакрақәа рзы: ламыс змам иоуп ҳәа ҳақәгәыӷуеит
Ԥачлиа амцакрақәа рзы: ламыс змам иоуп ҳәа ҳақәгәыӷуеит
Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит х-қыҭак рҿы иҟаз абылрақәа шырцәаз, насгьы уи аус аҿы... 01.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-01T17:10+0300
2023-03-01T17:10+0300
2023-03-01T17:10+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/01/1044389728_0:0:1024:577_1920x0_80_0_0_f7f9280c6223d0daa848a671f7de0843.jpg
Ԥачлиа амцакрақәа рзы: аламыс змам иоуп ҳәа ҳақәгәыӷуеит
Sputnik Аҧсны
Ԥачлиа амцакрақәа рзы: аламыс змам иоуп ҳәа ҳақәгәыӷуеит
Жәабран 27-28 амца зкыз аҵҩаа иамҽханакит Очамчыра араион х-қыҭак Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Мықә. Мурман Ԥачлиа еиҭеҳәеит, иҟаз абылрақәа шаԥырхыз, анхацәа уи аус ишалахәыз. Убри аан иазгәеиҭеит, Ҷлоу ақыҭан абылра шыҟамыз."Ҷлоу абылра ҳәа акгьы иҟаӡамызт. Уи ақыҭа ахада ишьақәирӷәӷәеит. Ус машәырк ҟалар, еснагь адырра ҳарҭоит, анхацәа еизыргоит. Уи еибыҳәан иҳамоуп", - азгәеиҭеит Ԥачлиа, ақыҭацәа рхадацәеи дареи ирымоу аимадара атәы далацәажәауа.Очамчыра араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы иҳәеит абылрақәа зыхҟьо ауааԥсыра рхымҩаԥгашьа шакәу."Аӡәы ибаҳча ирыцқьоит, егьи дшәарыцарцаз абна амца ацреиҵоит. Аԥсуаа рбаҳчақәа уажәы амца аҵарҵоит, ахала иарыцқьозшәа. Аԥхасҭа ду ҟанаҵоит, еиҳагьы еицәоу ахылҿиаауеит. Иҟан ашәарҭара амца аҩнқәа рахь инеиуеит ҳәа. Анхацәа ҳацхраауан, ԥыҭҩык хара игылангьы иҳахәаԥшуан", - ҳәа иҳәеит Ԥачлиа. Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/01/1044389728_106:0:1017:683_1920x0_80_0_0_1877d6a1e32cf955040dcb8a1b1a9b1e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Ԥачлиа амцакрақәа рзы: ламыс змам иоуп ҳәа ҳақәгәыӷуеит
Очамчыра араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит х-қыҭак рҿы иҟаз абылрақәа шырцәаз, насгьы уи аус аҿы анхацәа шыцхыраауаз, иҳәеит анхарҭатә ҭыԥқәа зҭагылаз ашәарҭара атәы.
Жәабран 27-28 амца зкыз аҵҩаа иамҽханакит Очамчыра араион х-қыҭак Аӡҩыбжьа, Маркәыла, Мықә. Мурман Ԥачлиа еиҭеҳәеит, иҟаз абылрақәа шаԥырхыз, анхацәа уи аус ишалахәыз. Убри аан иазгәеиҭеит, Ҷлоу ақыҭан абылра шыҟамыз.
"Ҷлоу абылра ҳәа акгьы иҟаӡамызт. Уи ақыҭа ахада ишьақәирӷәӷәеит. Ус машәырк ҟалар, еснагь адырра ҳарҭоит, анхацәа еизыргоит. Уи еибыҳәан иҳамоуп", - азгәеиҭеит Ԥачлиа, ақыҭацәа рхадацәеи дареи ирымоу аимадара атәы далацәажәауа.
Очамчыра араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы иҳәеит абылрақәа зыхҟьо ауааԥсыра рхымҩаԥгашьа шакәу.
"Аӡәы ибаҳча ирыцқьоит, егьи дшәарыцарцаз абна амца ацреиҵоит. Аԥсуаа рбаҳчақәа уажәы амца аҵарҵоит, ахала иарыцқьозшәа. Аԥхасҭа ду ҟанаҵоит, еиҳагьы еицәоу ахылҿиаауеит. Иҟан ашәарҭара амца аҩнқәа рахь инеиуеит ҳәа. Анхацәа ҳацхраауан, ԥыҭҩык хара игылангьы иҳахәаԥшуан", - ҳәа иҳәеит Ԥачлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.