Аԥсны

Маҷара аӡиас иху аихамҩатә цҳа арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп

Уаанӡа ари ацҳа шьаҭанкылатәи арҽеирақәа азырымуцызт.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион Маҷара аӡиас иху аихамҩатә цҳа шьаҭанкылатәи арҽеирақәа мҩаԥганы иалгеит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аԥсны аихамҩақәа" апресс-маҵзура.
АУН аҟазауааи Урыстәылатәи рколлегацәеи ирыԥсахит ибаахьаз 140 шпала аихабетон иалхыз рыла, 25 метра иҟаз арельс, 12 метра аиԥшьырҭа, ириашоуп амҩақәа. Уаанӡа ари ацҳа шьаҭанкылатәи арҽеирақәа азырымуцызт.
Ԥхьаҟа аусурақәа мҩаԥгахоит егьырҭ аҭыԥқәа рҿы.
Аԥсны
"Аԥсныеихамҩа" аихамҩақәа рҿы ашәарҭадара аԥҟарақәа ртәы иалацәажәеит