Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсныеихамҩа" аихамҩақәа рҿы ашәарҭадара аԥҟарақәа ртәы иалацәажәеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Сухумский железнодорожный воклаз
Сухумский железнодорожный воклаз  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Анапаҵаҩра
"Аԥсныеихамҩа" аихамҩақәа рҿы ашәарҭадара аԥҟарақәа ртәы иалацәажәеит. Гагра инхоз аԥҳәыс жәабран 12 рзы арельсқәа ирнылаз лла еиқәлырхоит ҳәа дшашьҭаз лхаҭа дҭахеит.
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аихамҩақәа рҿы ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа ртәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Октаи Хазириши.
"Сгәы иаанагоит ауааԥсыра рыбжьара аилыркааратә усурақәа мҩаԥгалатәуп ҳәа, избанзар, ишаабо ала, зегьы ирыздырам адәыӷба заҟа ишәарҭоу, уи автомашьынеиԥш иаалырҟьан иаагылар шамуа. Адәыӷба аангылараз аамҭа аҭахуп, амҩагьы километрак абжа еиҵахом", - иҳәеит иара.
Хазириши иажәақәа рыла, аихамҩа иану ауаҩы изааигәахо адәыӷба абжьы имаҳаргьы ҟалоит.
"Адәыӷба абыкьбжьы амыргозар, ишааигәахо анузеилмырго ыҟоуп. Ҳаихамҩақәа рыла адәыӷбақәа маҷны ишныҟәо рдыруеит ҳауаажәлар. Уи иашьцылахьеит, аха адәыӷба уанақәымгәыӷуа ицәырҵыр алшоит. Аихамҩа ааигәа аҟазаара ауаа рзы еснагь ишәарҭоуп", - иҳәеит иара.
Железнодорожные пути  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2023
Аԥсны
Аӡӷаб адәыӷба дашьит Гагра
Хазириши иҳәеит аихамҩа иавалан аныҟәарагьы шыҟамло, избанзар адәыӷбақәа еиуеиԥшым, иҟоуп амҩа аҭбаара иаԥыҳәҳәо ахәҭақәа змоу адәыӷбақәагьы. Иара убасгьы иҳәеит Аԥсны аидарамҩангара ишацлаз, апассаџьыртә дәыӷбақәагьы рныҟәара шеиҳахаз. Ус анакәха ауааԥсыра ргәы рҽанызароуп.
"Аԥсны аихамҩа ҿыхеит, аха уи иацуп ашәарҭарақәагьы. Аихамҩақәа рааигәара аҟазаараан ашәарҭадара аԥҟарақәа ртәы ауааԥсыра ирдыруазароуп", - иҳәеит "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Октаи Хазириши.
Амҩахысырҭақәа рҿы ашлагбаумқәа Аԥсны иҟаӡам иҳәоит Хазириши. Иара иажәақәа рыла, 60-70-тәи ашықәсқәа раахыс ахархәара змаз адистанциатә системақәа СЦБ (адәыӷбақәа шәарҭарада рныҟәареи, адәыӷба аныҟәцареи аныҟәцара аԥҟарақәа рҭышәныртәалареи рзы ардырратә рбагақәа) аибашьра ашьҭахь русура аанкылахеит. Уажәы урҭ еиҭа рықәыргылара ахарџь дуны иаҭахуп.
Сухумский железнодорожный вокзал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2023
Аԥсны
Алокомотивқәа ԥшьба Аԥсныҟа иаагахоит 2023 шықәсазы
Уажәы Ԥсоу аӡиас инаркны Аҟәанӡа аихамҩаҿы зхысра азин ыҟоу ахысырҭақәа ԥшьба ыҟоуп.
"Ахысырҭақәа рҿы ахыбрақәа еиҿаҳкааит. Планс иҳамоуп ашлагбаумқәа рықәыргылара, иааиуа асезон азы аусура иаларгахартә аиԥш", - ҳәа азгәеиҭеит Хазириши.
Иазԥхьагәаҭоуп ахысырҭақәа рҿы уахи-ҽни аҷаԥшьара ҳәа ациҵеит адиректор хада ихаҭыԥуаҩ.
Ажәабжьқәа зегьы
0