Аԥсны

Аԥсны мчыбжьык аҩнуҵаҟа 280 маининг хархәагақәа рыларгеит

Аԥсны акриптовалиута арҳареи, уи азы амаининг хархәагақәа атәыла ралагалареи рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра есыҽны агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа аминистрра аусзуҩцәа аҵыхәтәантәи амчыбжь азы 280 маининг хархәагақәа ԥшааны ирыларгеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҟәа, Чачхалиа имҩаду аҟны игылоу аҩны аҟны ахархәагақәа ԥшьба рыԥшааит, Кьараз амҩала - ауаҭах аҟны иԥшаан х-маинингк.
Амаругақәа зегь аҿыхны Аҳәынҭстандарт амҳәырқәа рықәырҵеит.
Гагра араион аҟны иԥшаауп:
Алаҳаӡы ақыҭан Шаумиан амҩала Рафаель Буиуклиан иитәыз - 56 маининг хархәагақәа,
Гагра ақалакь Кольцоваиа Асҭан Кәыҵниа иитәыз - 8 маининг хархәагақәа,
Амзара амашьынаӡәӡәарҭаҿ Виктор Овчинников иитәыз - 176 маининг хархәагақәа,
Гагра ақалақь Лакәаба имҩала ауаҭах аҟны Нарсоу Канџьариа иитәыз - 9 маининг хархәагақәа.
Амаругақәа рымхны АШәМ аҿы аамҭалатәи ашьҭаҵарҭахь инаргеит.
Гәдоуҭа араион иатәу Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәеи АШәМ аусзуҩцәеи еилахәны Мгәыӡырхәа ақыҭан Рауль Ажьиба иитәыз амаинингқәа жәба имырхит.
Маҷара ақыҭан Ԥхазариа имҩаҿы игылоу аҩны иҩнагылаз амаругақәа 22 имырхит Роберт Каарес.