АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik. 2022-2023 шықәсқәа рызтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкра зыҟамлеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аекологиаз аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
"35 000 тонна аԥсыӡ акра алшара ыҟан, аха иахьазы иркхьоу 4 800 тоннак роуп. Ииасыз ашықәс азы зыкра азин ыҟаз 30 000 тонна ҳәа ишьақәыргылан, сынтәа – 35 000 тонна ҳәа ишьақәҳаргылеит, аха аԥсыӡ мааит", - иҳәеит иара.
Ари аҭагылазаашьа амзызқәа дрыхцәажәо иара иҳәеит аҟазауаа аԥхьа амшын аҟәандара ишахарарҵоз.
"Ара иаҳзымдыруа мзызқәак ыҟазар ауп. Иахьазы аус зуа аԥсыӡкыгақәа 18 рҟынтәи хԥа-ԥшьба роуп. Егьырҭ ықәҵит. Иаанхаз аҳәара ҳарҭеит иарку амшынҵакыра рзааҳартырц. Аха уаҟагьы аԥсыӡ ыҟам. Иарку зонаны ишьоуп Гал араион аӡымҽхакыра – Аалӡга аӡиас инаркны аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟынӡа. Уи аҵакыраҿы аԥсыӡ ыҟоу иҟаму иаҿыԥшны ма иаҳаркуеит ма иааҳартуеит", - иҳәеит аеколог.
Аԥсны аԥсыӡ аусеиҭадызуло анаплакқәа жәба иахьазы рыплан 14% рыла инагӡоуп иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.
"Аԥсыӡ аныҟам аԥсыӡ шыла уҳәа реиԥш иҟоу аалыҵгьы ыҟам. Ус анакәха аҳәынҭбиуџьетгьы иҭало аԥара маҷхоит", - иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит Аԥсны амшынӡқәа рҟны бжьаратәла ишыркуаз 30-50 нызқь тонна. Убри аан амшын иаԥну егьырҭ атәылақәа акыр еиҳаны аԥсыӡ ркуеит. Убри инадҳәаланы сынтәа аԥсыӡ ахьмаҷу иаанагом уаанӡа аԥсыӡ рацәаны иахьыркуаз иахҟьеит ҳәа.
Ҭагалан-ааԥынтәи аԥсыӡкраамҭа аҭагылазаашьа аилкааразы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы.
2022-2023 шықәсазтәи ҭагалан-ааԥынтәи аԥсыӡкраамҭа хәажәкыра 31 рҟынӡа инахоуп.