https://sputnik-abkhazia.info/20230307/aekologiaz-ayneilaky-synta-asykraama-zyshaymgyleit-1044479106.html
Аекологиаз аҳәынҭеилакы: сынтәа аԥсыӡкраамҭа зышьақәымгылеит
Аекологиаз аҳәынҭеилакы: сынтәа аԥсыӡкраамҭа зышьақәымгылеит
Sputnik Аҧсны
2022-2023 шықәсазтәи аԥсыӡкраамҭазы иркраны иҟоу аԥсыӡ 35 000 тонна инаӡоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп, уи ахыԥхьаӡара бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. 07.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-07T11:00+0300
2023-03-07T11:00+0300
2023-03-07T13:23+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101716/63/1017166306_0:246:4928:3018_1920x0_80_0_0_492d3b75d4e1380365b5caf81cc12eb3.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik. 2022-2023 шықәсқәа рызтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкра зыҟамлеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аекологиаз аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа. Ари аҭагылазаашьа амзызқәа дрыхцәажәо иара иҳәеит аҟазауаа аԥхьа амшын аҟәандара ишахарарҵоз. "Ара иаҳзымдыруа мзызқәак ыҟазар ауп. Иахьазы аус зуа аԥсыӡкыгақәа 18 рҟынтәи хԥа-ԥшьба роуп. Егьырҭ ықәҵит. Иаанхаз аҳәара ҳарҭеит иарку амшынҵакыра рзааҳартырц. Аха уаҟагьы аԥсыӡ ыҟам. Иарку зонаны ишьоуп Гал араион аӡымҽхакыра – Аалӡга аӡиас инаркны аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟынӡа. Уи аҵакыраҿы аԥсыӡ ыҟоу иҟаму иаҿыԥшны ма иаҳаркуеит ма иааҳартуеит", - иҳәеит аеколог. Аԥсны аԥсыӡ аусеиҭадызуло анаплакқәа жәба иахьазы рыплан 14% рыла инагӡоуп иҳәеит Савели Ҷыҭанаа. Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит Аԥсны амшынӡқәа рҟны бжьаратәла ишыркуаз 30-50 нызқь тонна. Убри аан амшын иаԥну егьырҭ атәылақәа акыр еиҳаны аԥсыӡ ркуеит. Убри инадҳәаланы сынтәа аԥсыӡ ахьмаҷу иаанагом уаанӡа аԥсыӡ рацәаны иахьыркуаз иахҟьеит ҳәа. Ҭагалан-ааԥынтәи аԥсыӡкраамҭа аҭагылазаашьа аилкааразы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы.2022-2023 шықәсазтәи ҭагалан-ааԥынтәи аԥсыӡкраамҭа хәажәкыра 31 рҟынӡа инахоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20221031/yanaa-asny-iakhaanakua-amshyn-eia-akha-zeg-raasa-itsou-a-ikhaoup-1042361757.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101716/63/1017166306_288:0:4640:3264_1920x0_80_0_0_70f10ce67b9e39aa57f50cd0e73b0f57.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аекологиаз аҳәынҭеилакы: сынтәа аԥсыӡкраамҭа зышьақәымгылеит
11:00 07.03.2023 (ирҿыцуп: 13:23 07.03.2023) 2022-2023 шықәсазтәи аԥсыӡкраамҭазы иркраны иҟоу аԥсыӡ 35 000 тонна инаӡоит ҳәа азԥхьагәаҭоуп, уи ахыԥхьаӡара бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik. 2022-2023 шықәсқәа рызтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкра зыҟамлеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аекологиаз аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
"35 000 тонна аԥсыӡ акра алшара ыҟан, аха иахьазы иркхьоу 4 800 тоннак роуп. Ииасыз ашықәс азы зыкра азин ыҟаз 30 000 тонна ҳәа ишьақәыргылан, сынтәа – 35 000 тонна ҳәа ишьақәҳаргылеит, аха аԥсыӡ мааит", - иҳәеит иара.
Ари аҭагылазаашьа амзызқәа дрыхцәажәо иара иҳәеит аҟазауаа аԥхьа амшын аҟәандара ишахарарҵоз.
"Ара иаҳзымдыруа мзызқәак ыҟазар ауп. Иахьазы аус зуа аԥсыӡкыгақәа 18 рҟынтәи хԥа-ԥшьба роуп. Егьырҭ ықәҵит. Иаанхаз аҳәара ҳарҭеит иарку амшынҵакыра рзааҳартырц. Аха уаҟагьы аԥсыӡ ыҟам. Иарку зонаны ишьоуп Гал араион аӡымҽхакыра – Аалӡга аӡиас инаркны аҳәынҭқарратә ҳәаа аҟынӡа. Уи аҵакыраҿы аԥсыӡ ыҟоу иҟаму иаҿыԥшны ма иаҳаркуеит ма иааҳартуеит", - иҳәеит аеколог.
Аԥсны аԥсыӡ аусеиҭадызуло анаплакқәа жәба иахьазы рыплан 14% рыла инагӡоуп иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.
"Аԥсыӡ аныҟам аԥсыӡ шыла уҳәа реиԥш иҟоу аалыҵгьы ыҟам. Ус анакәха аҳәынҭбиуџьетгьы иҭало аԥара маҷхоит", - иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит Аԥсны амшынӡқәа рҟны бжьаратәла ишыркуаз 30-50 нызқь тонна. Убри аан амшын иаԥну егьырҭ атәылақәа акыр еиҳаны аԥсыӡ ркуеит. Убри инадҳәаланы сынтәа аԥсыӡ ахьмаҷу иаанагом уаанӡа аԥсыӡ рацәаны иахьыркуаз иахҟьеит ҳәа.
Ҭагалан-ааԥынтәи аԥсыӡкраамҭа аҭагылазаашьа аилкааразы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы.
2022-2023 шықәсазтәи ҭагалан-ааԥынтәи аԥсыӡкраамҭа хәажәкыра 31 рҟынӡа инахоуп.