Аԥсны

Апрокуратура хада ихнаркәшеит аҳәынҭдача "Пицунда" Урыстәыла аҭараз аиқәшаҳаҭра аҭҵаара

Агәаҭара мҩаԥган аиҿкаарақәа "Аидгылара", "Аиааира", "Аԥсны асуверинитет ахьчаразы Аилак" раԥшьгамҭала.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ихнаркәшеит аҳәынҭдача "Пицунда" Урыстәыла аҭараз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аҭҵаара. Агәаҭарақәа рылкаақәа инарықәыршәаны Аминистрцәа реилазаарахь инашьҭуп ашәҟәы агхақәа рырҽеиразы.
Ишеилкаахаз ала, аҳәынҭдача "Пицунда" аҭыӡҭа Аиқәшаҳаҭра ацҵаҿы иарбоу агеографиатә координатқәа ирықәшәаӡом.
Аҭакзыԥхықәу аҳәынҭусбарҭаны иқәгылоит аҳәынҭқарратә мазара анапхгареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭеилакы.
Уи адагьы, азакәанԥҵара иақәмыршәакәа иҵоуроу алкаа ҟанаҵеит адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭусбарҭа.
Аилагарақәа рганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркым, аиқәшаҳаҭра азинмчра ахьамоуц инадҳәаланы.