АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аԥсны асоветшьҭахьтә ҵакыраҿы атуризм азы аԥыжәара аиуеит ҳәа "Соловьев Live" аефир аҿы иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны иӷәӷәоу, исуверентәу, хыԥхьаӡара рацәала ауаа зҭаауа ҳәынҭқарраны ишибо.
"Агәра ганы сыҟоуп Аԥсны 10, 15, 20 шықәса рыҩнуҵҟа аҭагылазаашьа бзаиқәа аԥҵаны, арегионалтә ҵакы змоу атуристтә, аекономикатә кластер аҳасаб ала ишыҟало. Аԥсны асоветшьҭахьтә ҵакыраҿы атуризм азы аԥыжәара аиуеит хымԥада", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Арӡынба иҳәеит Аԥсны аекономикатә кооперациа, аинтеграциатә еидгыларахь ахы шкыду асуверенитет арӷәӷәаразы, аекономика арҿиаразы, аинвестициақәа радыԥхьаларазы.
Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны жәлар аҳәынҭқарра ахада имҩаԥиго аполитика иадгылоит.