Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба: Аԥсны асоветшьҭахьтә ҵакыраҿы атуризм азы аԥыжәара аиуеит

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсназы иахьа атуризм аусхк аҟны ихадарақәоу иреиуоуп амаҵзурақәа рхаҭабзиара аҳаракреи аҿиара ҳәа азиԥхьаӡоит Адәныҟатәи аусқәа рминистр.
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аԥсны асоветшьҭахьтә ҵакыраҿы атуризм азы аԥыжәара аиуеит ҳәа "Соловьев Live" аефир аҿы иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны иӷәӷәоу, исуверентәу, хыԥхьаӡара рацәала ауаа зҭаауа ҳәынҭқарраны ишибо.
"Агәра ганы сыҟоуп Аԥсны 10, 15, 20 шықәса рыҩнуҵҟа аҭагылазаашьа бзаиқәа аԥҵаны, арегионалтә ҵакы змоу атуристтә, аекономикатә кластер аҳасаб ала ишыҟало. Аԥсны асоветшьҭахьтә ҵакыраҿы атуризм азы аԥыжәара аиуеит хымԥада", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Арӡынба иҳәеит Аԥсны аекономикатә кооперациа, аинтеграциатә еидгыларахь ахы шкыду асуверенитет арӷәӷәаразы, аекономика арҿиаразы, аинвестициақәа радыԥхьаларазы.
Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны жәлар аҳәынҭқарра ахада имҩаԥиго аполитика иадгылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0