Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны ирыдыркылеит ақәҵара Аԥсны атәанчаҩцәа ашәҟәы реиҭаҭагалара мҩаԥгазарц. Изыхәҭада уи аҟаҵара, ишԥеиҿкаахо, насгьы иарбан шәҟәқәоу уи азы иаҭаху, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәылариа.
Ашәҟәы аиҭаҭагалара зҭаххо аԥсуа тәанчахәы зауа роуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәылариа.
"Аҵыхәтәантәи аиҭаҭагалара мҩаԥысуан хәышықәса раԥхьа. Хымз аамҭа рымоуп. Имыццакӡакәа. Ари аамҭазы атәанчахәы аанкылахаӡом. Ироуа шроуц иаанхоит. Араионқәа зегьы рҿы иҟоуп аҟәшақәа, ртәылауашәҟәы аашьҭыхны инеины рыҽдырбоит. Уамак аамҭа зго акакәым. Ари зда ԥсыхәа ыҟам ауп. Избанзар, зыԥсҭазаара иалҵыз ишәахәҭоу ашәҟәы иҭаргалаӡом. Шықәсыла асиаҿы дыҟазар ҟалоит азы еилҳаргар ҳҭахуп", – ҳәа иҳәеит Гәылариа.
Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабы еиҭеиҳәеит аиарҭа иамоу рзы аиҭаҭагалара аус шеиҿкаахо атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.