Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу: НАТО Украинаҟа иаанашьҭуа абџьар аибашьра адәаҿы еихьӡарак амам

Мраҭашәаратәи атәылақәа абџьари атехникеи Укрианаҟа ишаарышьҭыц иаарышьҭуеит, украинатәи ар рҵара апрограмма дырҭбаауеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Украинатәи ар жәабранмзазы рцәыӡқәа 40% рыла еиҳахеит ажьырныҳәамзазы аасҭа, иҭахеит 11 000-ҩык рҟынӡа аибашьцәа ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

"Америкатәи астратегиа "Урыстәыла абџьархархәарала аҵархара" аҳәаақәа ирҭагӡаны мраҭашәаратәи атәылақәа Украина бџьарлеи техникалеи еиқәдыршәоит, идырҭбаауеит украинатәи аруаа разыҟаҵара апрограмма. Аха убри аан НАТО Украинаҟа иаанашьҭуа абџьар аибашьра адәаҿы еихьӡарак амам. Аихьӡара акәым ацәыӡқәа роуп еиҳа аҭыԥ зауз", - ҳәа иҳәоит иара.

Аминистр иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аамаҭзы урыстәылатәи аруаа ржәыларақәа иалдыршеит Николаевка, Двуречное, Краснаиа Гора, Грианиковка, Парасковиевка рхақәиҭтәра.
Иара убасгьы иҳәеит, Артиомовск ахақәиҭтәра ишалнаршо Украина ар рхырӷәӷәарҭақәа еиҳа наскьа рыжәлара.
"Артиомовск ахақәиҭтәра иаҿуп. Ари ақалақь Донбасс украинатәи ар рҽыхьчараз аҵакы аманы иҟоуп. Иара анапахьы аагара иҟанаҵоит алшара Украина ар рхырӷәӷәарҭақәа еиҳа наскьа рыжәлара" - иҳәеит Шоигу.
Урыстәылатәи ар ирылахәуп 39 000-ҩык аҳәса, урҭ рҟынтәи 5 000-ҩык офицарцәоуп ҳәа иҳәеит аминистр.