Аԥсны

Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьра иалахәын ҳәа ахара здырҵо раанкылара аҿҳәара иацҵоуп

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 рзы, ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ахысраан аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит Асҭамыр Шамба, ахәышәтәырҭаҿы - Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭааԥҳа - ԥхынҷкәын 3 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 – Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷатә усқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Аҟәа аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьра иалахәын ҳәа ахара здырҵо раанкылара аҿҳәара иацнаҵеит.
Ахара здырҵо ахаҿқәа аанкылазаауеит даҽа хымз, рашәара 7-нӡа.
2019 шықәса абҵара 22 рзы акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа рышьреи иара убас Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи Беслан Бганбеи агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.
Аԥсны
Хҩык ауаа рышьразы ашәҟәқәа реиқәымшәара иахҟьаны аус азыӡырҩра ахыгоуп
Иара убасгьы ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.
Демур Ахалаиа ахара идырҵоит Ахра Џьопуеи иареи еибыҳәаны абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи иалахәын ҳәа. Беслан Бганбеи Аслан Блаббеи ахара рыдарҵоит абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи иалахәын ҳәа. Ерик Ҷкадуа ахара идырҵоит амашьынақәа "Мерседес-Бенц" и "Lexus GX" рӷьычреи, "абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи" ахәҭаҷ ала.