Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хҩык ауаа рышьразы ашәҟәқәа реиқәымшәара иахҟьаны аус азыӡырҩра ахыгоуп

© Sputnik / Антон Буценко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРуки подсудимого за решеткой
Руки подсудимого за решеткой - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2023
Анапаҵаҩра
2019 шықәса абҵарамзазы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьразы аус ахәаԥшра мҩаԥысуан Аԥсны АшәМ ахыбраҿы ажьырныҳәа 11 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа хҩык ауаа рышьра иазкыз азыӡырҩра аҿҳәара иианагеит ажьырныҳәа 17 ахь.
Аусӡбарҭахь деиҭамнеиӡеит ааха зоуз Русҭам Шамба. Уаанӡатәи аилатәара аҟны иара иааишьҭит ԥхынҷкәын 26 рзы москватәи ахәшәтәырҭақәа руак атравмотологиатә ҟәшаҿы ишьапы ԥҵәаны дшышьҭоу атәы зҳәоз аршаҳаҭга. Ишьапы ԥҟаны аметаллтә шьақәгылақәа алырхраны иҟан.
Ахьчаҩцәа аршаҳаҭга аусҭҵаара аматериалқәа рылакра мап ацәыркит, адокумент Аԥсны аҵакыраҿы иахьаргамам азы. Иара убасгьы дара ргәаанагарала аршаҳаҭга атекст аҿы иарбамызт ичымазара ахьанҭара, изҭаз изы адыррақәа. Ари аҩыза адокумент азинмчра амамкәа иршьеит.
Адукатцәа аҿахәы алаҳәара иаҿагылеит. Дара ргәаанагарала ахадаратә шаҳаҭцәа иреиуоу иҟамзаара абжьаратә ҭагылазаашьа мзыс иамам, аԥҟаҩы Габлаиа иабжьгара еиҳа иҵаулоу дыррақәак ҟанамҵеит.
Аусӡбара аҳәынҭхараҟаҵаҩ изыҳәа иадымгылеит, Русҭам Шамба иҿахә рылаҳәаразы иҭагылазаашьа атәы зҳәо иахәҭоу адыррақәа шыҟам азгәаҭаны.
Ажьырныҳәа 11 рзтәи аилатәарахь Шамба аҽазныкгьы арзаҳал ааишьҭит ԥхынҷкәын 26 аахыс Москва ахәшәтәырҭа дышҭоу, ихала дышзымныҟәо шьақәзырӷәӷәо, аҳәарагь ҟаиҵеит уаанӡатәи иҿахәы рылаҳәазарц.
Обвиняемый в наручниках в Басманном суде Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Аԥсны
Урыстәылауаҩ дишьит ҳәа гәҩарас ирымаз Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп
Арзаҳал иацын амедицинатә ршаҳаҭгақәа рыхкьыԥхьаақәа, ԥхынҷкәын 29 рзы Шамба ишьапы ԥҟаны абаҩ аҟынтәи иалган аметалл иалхыз ашьақәгылақәа.
Аршаҳаҭга 2022 шықәса ажьырныҳәа 9 азыҳәа арыцхә аҵагылан. Ари атехникатә гха иахҟьаны иӡбан аӡбаҩцәа реилатәара ажьырныҳәа 17 ахь ииагазарц, уаанӡа аршаҳаҭга ҿыц аиуразы.
2019 шықәса абҵара 22 рзы акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа рышьреи иара убас Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи Беслан Бганбеи агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.
Иара убасгьы, ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.
Ерик Чкадуа иара убасгьы автомашьынақәа Mercedes-Benz, Lexus GX рӷьычреи закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани реикәыршара ихарарҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0