Аԥсны

Мактина Џьынџьалԥҳаи Урыстәыла Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоуи русеицура иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳа урыстәылатәи лколлега Мариа Львова-Белова дылԥылеит, абри атәы аанацҳауеит Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу омбудсмен лаппарат.
Аганқәа иазааҭгылеит Аԥснытәи Аппарат аусушьа, ахәыҷқәа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчаразы иԥшаатәу амҩақәа, Аԥсны инхо Урыстәыла зықәра намӡац атәылауаа рзинқәа реилагара.
Џьынџьалԥҳаи урыстәылатәи лколлегеи зықәра намӡац рсоциал-реабилитациатә центр аԥҵаразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит, хықәкыла, урыстәылатәи аомбудсмен аԥснытәи лколлегацәа рҵарадырра аизырҳаразы ацхыраара рыдылгалеит.
Уи адагьы, аганқәа реиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аконсультациа-аилатәара усутә гәыԥ аԥҵахоит, урҭ хазы Аԥсны инхо Урыстәыла зықәра намӡац атәылауаа рзинқәа реилагара иахәаԥшлоит. Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу омбудсмен лаппарат аусзуҩцәа Урыстәыла аԥышәеизырҳара иахысуеит.
Иара убас аомбудсменцәа ажәалагала ҟарҵеит Аԥсни Урыстәылеи рҵара министррақәа рыбжьара аконференциа амҩаԥгара, урҭ иртема хадахоит ишәарҭоу онлаин-хәмаррақәа.
Арадио
Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит гәҭакқәас ирымоу ахәыҷқәа ишәарҭоу онлаин-хәмаррақәа рацәыхьчаразы