Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит гәҭакқәас ирымоу ахәыҷқәа ишәарҭоу онлаин-хәмаррақәа рацәыхьчаразы

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит гәҭакқәас ирымоу ахәыҷқәа ишәарҭоу онлаин-хәмаррақәа рацәыхьчаразы
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа онлаин-хәмаррақәа раан ацәгьара рацәыхьчаразы ахшыҩзцара зҭатәу атәы еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳа.
Зықәра намӡац ахәыҷқәа мҩахызҟьо, рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло онлаин-хәмаррақәа рацәыхьчаразы Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы аппарати Аҵара аминистрреи русеицура азгәаҭоуп. Жәабран 6 рзы имҩаԥгаз аиԥылара ари азҵаара иазкын.
"Иахьатәи аамҭазы ари ихадоу зҵаароуп, зықәра намӡац ахәыҷқәа онлаин-хәмаррақәа ралагарала даара ашәарҭара ацуп. Ҳара Аҵара аминистрра ирыдаҳгалеит ҳаппарат аус зыднаулаз 5-8 тәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы аматериалқәа, атематикатә класстә сааҭқәеи 9-11 аклассқәа рзы апрограммеи. Уи анаҩс 600 цыра аминистр идаҳгалеит "Ишәарҭоу онлаин-хәмаррақәа рацәыхьчара" захьӡу арҵаҩцәеи аҭаацәеи рзы аинформациа зну аброшиурақәа. Аиԥылараҟны ҳарзааҭгылеит азеиԥш ҵараусбарҭақәа рҟны аматериалқәа раларҵәаразы иҟаҳҵо ашьаҿақәа", - ҳәа лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0