Аԥсны

Ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" раԥхьаӡа акәны "Брементәи амузыкантцәа" ықәнаргылоит

Ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы 2018 шықәса раахыс иаартуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" раԥхьаӡа акәны аспектакль "Брементәи амузыкантцәа" ахәаԥшцәа иднарбоит хәажәкыра 11-12 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит астудиа асахьаркыратә напхгаҩы Гәдиса Ҭодуа.

Иара иажәақәа рыла, асценаҿ иқәгылоит 6-17 шықәса зхыҵуа 17-ҩык ахәмарыҩцәа. Урҭ астудиаҿ рҽазыҟарҵоит рашәарамзаахыс.

Хәажәкыра 11 рзы иддырбоит апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа аԥсшәахь еиҭалгаз аспектакль, хәажәкыра 12 рзы – урыс бызшәала. Арежиссиор-ақәыргылаҩ - Гәдиса Ҭодуа, ахореограф - Мрана Воуԥҳа.
Ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы 2018 шықәса раахыс иаартуп. Астудиа ааӡамҭацәа раԥхьатәи рықәгылара мҩаԥысит 2018 шықәсазы аспектакль "Алабҷашь нашана" ала.
Арадио
Мықәба астудиа "Нарҭ" ақәыргыламҭаз: ахәыҷқәа реиԥш саргьы ибзианы исыдыскылеит