"Сахәаԥшит, смоҭацәагьы сыманы снеит. Ахәыҷқәа ишгәныркыло ала еилукааауеит дара ирызку аспектакль бзиоу, ргәы иақәшәо мамзаргы иақәымшәо, акыр ранаҳәама. Даара ибзианы ирыдыркылеит, сара схаҭагьы ус. Аҷкәын Гәыдиса Ҭодуа (Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны еиҿкаау ахәыҷтәы театралтә студиа "Нарҭ" анапхгаҩы- аред.) арежиссиорра иҽазикыр иҭахуп, убри иаҳагьы сеигәырӷьоит. Аспектакль ахаҭа 1980-тәи ашықәсқәа рзы исыҩҩыз ауп. Ибзианы иҟаҵоуп, ахәыҷқәа рзы зеиԥш ыҟам ауп, амузыкала аҩычашьа дақәшәеит. Ахәыҷқәа асценаҟны ԥышәа дук рымамкәа рырхәмарра уигьы ус мариаӡам, аха илшеит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Мықәба.
Убри аан адраматург агәыӷра ааирԥшит аԥхьаҟа актиорцәа хәыҷқәа рхатәы бызшәа иаҳа еиӷьны ирҵап, ирҳәалап ҳәа.
Ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" ааӡамҭацәа ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба иҩымҭала алакә "Алабҷашь нашана" ықәдыргылеит Ашықәс Ҿыц аламҭалазы. Аспектакль ԥшьымз рҽазыҟарҵон ахәыҷқәа. Ԥхынҷкәын 15, 16, 17 рзы ақәыргыламҭа Аԥсуа драматә театр асцена маҷ аҿы ахәаԥшцәа идырбан.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.