АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Ауаажәларратә палата араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи алахәылацәа жәеизаҩык шьақәдырӷәӷәеит:
Гагра араион - Дауҭ Агрба,
Пицунда - Дона Малиаԥҳа,
Гәдоуҭа араион - Ахра Агрба,
Афон Ҿыц - Витали Смыр,
Аҟәа - Алхас Гәыргәлиа, Лана Цаава,
Аҟәа араион - Леван Чхеиӡе,
Гәылрыԥшь араион - Кочу Махмет Хакан,
Очамчыра араион - Беслан Перцхелиа,
Гал араион - Ҭенгиз Инал-ипа,
Тҟәарчал раион - Омар Џьынџьал.
Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Уаанӡа 11-ҩык ркандидатурақәа атәыла ахада ишьақәирӷәӷәахьан.
Азакәан инақәыршәаны Аԥсны ауаажәларратә палата алахәылацәа 13-ҩык атәыла ахада иалихуеит, 11- ҩык – аҭыԥантәи ахадарақәа, аҽа 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи.