Аԥсны

Аԥсны Аҵәахбанк ишьақәнарӷәӷәеит 2023 шықәсазтәи урыстәылатәи атәанчахәы аихшанҵа

Атәанчахәы рыҭахоит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҟны атәанчаҩцәа ашәҟәы иахьҭаҩуи иахьынхои иахьмырԥшыкәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ареспубликаҟны инхо, урыстәылатәи атәанчахәы рыҭаразы 2023 шықәса азтәи аихшанҵа шьақәнарӷәӷәеит.
Атәанчахәы х-хәҭакны еихшоуп:
хәажәкыра 16 инаркны атәанчахәы рыҭахоит 1950 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа;
хәажәкыра 21 инаркны 1951-1956 шықәсқәа рзы ииз атәанчаҩцәа атәанчахәы рыҭахоит;
хәажәкыра 27 инаркны атәанчахәы рызшахоит 1957 шықәсеи уи ашьҭахьи ииз атәанчаҩцәа.
Атәанчахәы рыҭахоит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҟны атәанчаҩцәа ашәҟәы иахьҭаҩуи иахьынхои иахьмырԥшыкәа.