Ақәыргыламҭа "Брементәи амузыкантцәа" Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асцена маҷ аҿы иддырбоит хәажәкыра 11-12 рзы ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" ааӡамҭацәа. Астудиа атеатр аҟны иаартуп 2018 шықәса раахыс.
Хәажәкыра 11 рзы иддырбоит апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа аԥсшәахь еиҭалгаз аспектакль, хәажәкыра 12 рзы - урыс бызшәала. Арежиссиор-ақәыргылаҩ - Гәдиса Ҭодуа, ахореограф - Мрана Воуԥҳа.
Абри еицырдыруа амультфильм аԥсышәала ахәмарра ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшуп. Убасгьы иҳаӡбеит урысшәала ҳахәмарырц. Ақәыргыламҭа иалахәуп агәыԥ ҿыц. Ҳара урҭ ҳадаҳкылеит рашәарамзазы. Иааизакны 17-ҩык ахәыҷқәа ҳамоуп. Иахьа асааҭ 5 рзы Аԥсуа театр асценахь рцәырҵра ахәыҷқәа акыр иазыԥшуп. Абилеҭқәа зегьы аархәахьеит, аҭыԥ ҭацә ҳауӡом", - иҳәеит Ҭодуа.
Убасгьы иара еиҭеиҳәеит изанааҭтә ҩаӡара аизырҳаразы аҵара ахьиҵо, аспектакльқәа рҿы дшыхәмаруа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.